Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афымцамч аусхк иамоу ауадаҩрақәа, аҿагыларатә акциақәа, аҿкы: 2021 шықәсазтәи ахҭысқәа

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМожайский гидроузел
Можайский гидроузел  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2021
Анапаҵаҩра
Ииасуа ашықәс гәылҭәаан адраматә ҟазшьа змаз, узыргәырӷьоз, зны-зынлагьы угәы ҭзырԥсаауаз еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла.
Аҿкычымазара шыҟац иҟоуп, афымцамч аусхк иамоу ауадаҩрақәа, аҿагыларатә акциақәа, акриптоԥара закәаншьаҭада изырҳауа рҿагылара - шьҭахҟьа ҳхьаԥшып, иаҳгәалаҳаршәап 2021 шықәсазы Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭысқәа.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Ажьырныҳәамза

2021 шықәса алагеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб аҿкы идбалан, ахәшәтәырҭа дҭашәеит ҳәа ажәабжь ала. Иара иҭагылазаашьа аныуадаҩха, Москватәи ахәшәтәырҭақәа руак ахь дыиаган. Аԥсны Аиҳабыра реилазаара анапхгаҩы имаҵура дырзыхынҳәит мшаԥымза 12 рзы. Уаанӡа аамҭала инапынҵақәа наигӡон Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба.
2021 шықәсазы Аԥснытәи афымцамч иамоу ауадаҩрақәа еиҳагьы рыҽдырҭбааит. Афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәара иахҟьаны алашара лассы-лассы идырцәо иалагеит. ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт азуразы аусура аанкылан ажьырныҳәа 20 рзы. Аусурақәа хыркәшан мшаԥымза анҵәамҭазы, астанциа аусура еиҭаларган лаҵарамза алагамҭазы.
Аремонт аамҭазы афымцалашара Аԥсныҟа Урыстәылантәи иаауан. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы атарифқәа рҽырыԥсахуан 2,70 - 3,60 мааҭ киловатт-сааҭк азы. 2020 шықәсазы Аԥсны иаиуит 69,4 млн кВт.с. 162 миллион мааҭ ауал ареспублика Аинвестпрограммаҟынтә ашәара агәҭакуп. 2020 шықәса ԥхынҷкәын инаркны 2021 шықәса лаҵарамзанӡа Аԥсны ахы ианархәеит миллиард кВт.с. Ари аамҭа иалагӡаны иаарышьҭыз алашаразы ахә ашәаразы Аԥсныҟа ашәҟәқәа аармышьҭӡеит.
ЛЭП - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Аԥсны
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымца арцәара аамҭеихшара аԥыхуп

Жәабранмза

Аԥсны Апарламент адепутатцәа ирыдыркылеит аенергетикаҿ аилагарақәа рзы ахара арӷәӷәаразы. Уи иазԥхьагәанаҭоит "Административтә закәанеилагаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан инақәыршәаны акриптовалиута аиуразы мегаваттк инеиҳаны афымцамчхара закәаншьаҭада ахархәаразы хышықәса аҭакреи амазара амхреи.
Бедиа ақыҭан иҟалаз адгьылҳәазара иахҟьаны аҭаацәарақәа хыҵакырҭада иаанхеит. Аԥсны анапхгара ааха зауз ацхыраара рырҭеит. Шықәсыбжак ашьҭахь ақыҭахь анеиразы иахыкәшо амҩа ҟаҵан.
Адгьылҳәазара ашьҭахь: Бедиа ду иаԥсҭазаашьоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Адгьылҳәазара ашьҭахь: Бедиа ду иаԥсҭазаашьоу
Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа, уи ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы. Апрокуратура хада рмаҵзуратә напынҵақәа ирхыҳәҳәеит ҳәа ахара рыднаҵоит. Аҳақьымцәа рус аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инашьҭын ԥхынҷкәын 29 рзы.
Аԥсны иахьаҵанакуа 2022 шықәса хәажәкыра 31 аҟынӡа акриптовалиута арҳара азин аанкылоуп, ахархәагақәа атәылахь ралагаларагьы ҟалом ҳәа ақәҵара рыдыркылеит Аԥсны аиҳабыра.
Аԥсны Апарламент Урыстәыла Аҳәынҭдумахь адырра ҟанаҵеит ареспублика шазыхиоу Аԥсны иалсны Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара ашьҭра.
Железнодорожные пути - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Аԥсны Урыстәыла иаднагалеит ҳтәыла иалсны Ермантәыланӡа аихамҩа аусура иалагарц

Хәажәкырамза

Аҟәа имҩаԥган амитинг - Аԥсны ахада иабжьгаҩ Бенур Қәираиа Қырҭтәыла иҟазаара иақәыӡбоз ауаа, иара убас асоциалтә ҳақәа рҟны ирылаҵәеит иара Аԥсни Қырҭәылеи рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рҿиатәуп ҳәа дахьцәажәо анҵамҭа. Ари аҭагылазаашьазы ахада ипресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны атәылауаҩ Бенур Қәираиа жәабранмзазы ахада ицхырааҩыс дахьыҟаз аҟынтә инапынҵақәа шаанижьхьаз.
Хәажәкырамзазы даанкылан Аԥсны уаанӡатәи ицхырааҩ, ДЖәР Афырхаҵа Ахрик Аҩӡба. Иара харас идырҵон абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥигоз азы. Аӡбарҭа Ахрик Аҩӡба иганахьала ахарадҵатә зыӡба аднакылеит. Аҩӡба хышықәса ҭакрада ахгареи 10 000 мааҭ ахараԥса ашәареи иқәырҵеит.

Мшаԥымза

Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны алаҵа "Спутник V" 6500 доза ааит мшаԥымза алагамҭазы. Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааган хә-нызқь доза иҟоу даҽа партиак "Спутник Лайт". Аԥсны иахьазы иааидкыланы 15 133-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит.
Работа станции скорой помощи - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Аԥсны
Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа раамҭеихшара еилкаахеит

Лаҵарамза

Лаҵарамзазы Аҟәа иаадыртит Аԥара амузеи. Амузеи аҿы ицәыргоуп Аԥсны аҭоурых еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аԥсарқәа.
Музей денег в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Аҵанаа-аԥараӷьычцәа: Аҟәа аԥара Амузеи аҿы аскульптура ҿыц цәырҵуеит
Аԥсны иаԥыхын аҿкы аламырҵәаразы иалагалаз аԥкрақәа, амассатә, акультуратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ҟалоит, аусура иалагар рылшоит аспорттә залқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә салонқәа, астоматологиатә кабинетқәа ҳәа иазгәаҭан. Аха аҿкычымазара аҽышьҭхра иахҟьаны рашәарамзазы аԥкрақәа дырӷәӷәеит, русура ааныркылеит акультура аусбарҭақәа зегьы.
Аслан Бжьаниа хадара ззиуаз аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Шьамтәылаҟа иҟан. Нап рыҵаҩын Аԥсни Шьамтәылеи аекономикеи атуризми рзы рминистррақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа.
Расширенное заседание по вопросу подготовки к курортному сезону  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи иусуратә ныҟәара аихшьаалақәа ҟаиҵеит

Рашәарамза

"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны. Ахашәалақәа Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрраҿы ашәҟәы иҭагалатәын нанҳәа 1 аҟынӡа. Аԥсны аҳәынҭусзуҩцәа 1438-ҩык ианаамҭаз ашәахтә усбарҭахь рхашәалақәеи рмазареи рзы ашәҟәы аларҵеит. Аҳәынҭусбарҭақәа 351 иаанаамҭаз иахәҭаз аинформациа хыдмырҭәааит.
Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ланашьахеит акультуреи арккаратә усхк аҟни лылшамҭа ду азы.
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымца арцәара иалагеит, уахынла ҩ-сааҭк идырцәон. Аамҭақәак рышьҭахь аамҭеихшара аҽаԥсахит. Афымца арцәара иалагеит ҽынлеи уахынлеи. Аха Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭра ианалага уи аграфик аԥырхит.

Ԥхынгәымза

Ԥхынгәымзазы активистцәа ргәыԥ хархәара змамыз аихамҩатә станциа "Гәыма" аҿы арт-ҭыԥ аадыртит акультура-усутә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы. "Guma art station" аҟны имҩаԥыргоит ацәыргақәҵақәа, афильмқәа дырбара, алитературатә хәылԥазқәа, ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа.
Аслан Бжания посетил ярмарку которая проходит на Гуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Аԥсны
Аԥсны ахада акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥгаз ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа даҭааит
Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иаатит аԥсуа инхашьа-инҵышьа, иԥсҭазаашьа атәы аазырԥшуа амилаҭтә парк "Аԥсны". Апарк аҵакырадгьыл аа-гектарк рҟынӡа инаӡоит. Аҭыԥантәи ауааԥсыреи урыстәылатәи аррамаҵзурауааи рзы апарк аҭаара хәыдаԥсадоуп.
Архивтә сахьақәа рыла еиҭашьақәыргылоу аԥсуа еибашьыга шхәа Петрозаводск иҟарҵеит аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵала. Аԥсуа еибашьыга шхәа аӡиа Риҵа ихырҵеит.
Акәасқьа, аԥацха, амҳара: Мгәыӡырхәатәи амилаҭтә парк амаӡақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Акәасқьа, аԥацха, амҳара: Мгәыӡырхәатәи амилаҭтә парк амаӡақәа

Нанҳәамза

Аԥсныҟа иааит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь, иара аартын Аҟәа. Урыстәылатәи амобилтә госпиталь ԥшьымзтәи аусура ашьҭахь Аԥснынтәи ицеит. Амобилтә госпиталь Аԥсны аҟазаара иалагӡаны иаднакылеит ҩ-нызқь рҟынӡа ауааԥсыра. Стационар ҳасабла аҽыхәшәтәра иахысит 645-ҩык, амбулатор ҳасабла – зқьи хәышә-ҩык.
Абдулмеджид Магомедов - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Урыстәылатәи амобильтә агоспиталь ахада Аԥсны русура шеиҿкаау далацәажәеит

Цәыббрамза

Цәыббра 30 ауха Аиааира амшныҳәа азгәазҭоз адепутат Гарри Кокаиеи аветеранцәеи ганкахьала, амилициа аусзуҩцәеи даҽа ганкахьала аҭыӡшәа рыбжьалеит, адепутат аԥшаҳәаҿы ажәҩанахь данхыс ашьҭахь. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, уи ауха адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбра иарбаны дхысит.
Парламент РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Аԥсны
Адепутатцәа Алмасхан Арӡынбеи Гарри Кокаиеи рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ацәыркит

Жьҭаарамза

Жьҭаара аказы Аӡҩыбжьа ақыҭауаа Атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, уи ихаҭыԥуааи ԥхьатәара ишьҭырц. Жәлар реизара адепутатцәа изаамҭанытәымыз аилатәара мҩаԥыргеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿыз имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәын. Аха ари ала аҭыӡшәа еиқәымтәеит. Аӡҩыбжьаа ирҭахын зынӡагьы Дбар ихы дақәиҭтәзар, аха Аԥсны ахада Апрокуратура хада аусҭҵаара ашьҭахь аӡбара сыдыскылоит иҳәеит.
Аԥсны Апрокуратура Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь анашьҭымҭа инақәыршәаны, Апарламент адепутат Гарри Кокаиа цәыббра 30 рзы дызлахәыз аимак-аиҿак аҟны ихымҩаԥгашьа ашьоит абарҭ ахәҭаҷқәа рыла: амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара, абџьар ахархәарала ауаажәларра рганахь ала аҳаҭырқәымҵара ҳәа. Адепутат Алмасхан Арӡынба иумҭа – амбжьахра, абџьар закәаншьаҭада амазаара, аҵәахра, аныҟәгара рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.
Адгур Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Аԥсны
Аԥсны апрокурор хада Апарламент рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ахьацәыркыз ахҳәаа аиҭеит

Абҵарамза

Абҵарамза 2 рзы Атәыла ахада Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар иусурахь дирхынҳәит. Уи ашьҭахь еиҭа имҩаԥган аҿагыларатә акциа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи рыдгылаҩцәеи Аԥсны АА рминистр зынӡа иусура дамхзарц ҟарҵеит. Аха Аслан Бжьаниа иӡбамҭа имԥсахӡеит. Уи ашьҭахь аҿагыларатә акциа алахәылацәа ирыдыркылеит еиҳа инарҭбаау амитинг амҩаԥгареи уаҟа Атәыла ахада инапынҵақәа рышьҭаҵаразы ааԥхьара шыҟарҵои атәы зҳәоз арезолиуциа.
Здание Администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Аԥсны
Валери Аҩӡба ааԥхьара ҟаиҵеит аветеранцәа злахәу аус "амца ацраҵара" иаҟәыҵырц

Ԥхынҷкәынмза

Ԥхынҷкәын ҩба рзы Аслан Бжьаниа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабыс дҟаиҵеит. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан Вальтер Быҭәба.
Аоппозициа ахаҭарнакцәа рмитинг иалагеит Аҟәа ԥхынҷкәын 21 рзы. Амитинг иалахәыз атәыла ахада иахь рхаҭарнакцәа нарышьҭит аҿагыларатә акциахь дцәырҵны еизаз рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵарц иацәажәарц. Урҭ реиԥылара алҵшәақәа еизаз иргәамԥхазт, Апарламент ахь идәықәлеит, уа рҽазыршәеит мчыла ахыбрахь анеира. Аҭагылазаашьа акыр еибарххан. Аоппозициа ахаҭарнакцәа аиҿцәажәаразы атәыла ахада иахь ҩаԥхьа инеит. Уи ашьҭахь арезолиуциа рыдыркылеит.
атәыла ахада азакәан инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара - Апарламент аҿы имаҵура иамхра,
ахада иамхра апроцедура мҩаԥысуанаҵы афымцамч, амазара, адәныҟатәи аполитика рганахьала иаԥшьгамҭақәа зегьы раанкылар
Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара партиала ахаҭарнакцәа ралалара алзыршо еилаԥсоу алхратә системахь аиасра азԥхьагәазҭо аԥсахрақәа Аконституциа ралагалара,
аԥыза-министр имаҵура аԥыхразы Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара,
Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа хымԥада Апарламент аҿы рышьақәырӷәӷәара алзыршо апроцедуразы Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара,
Апарламент афбатәи ааԥхьара аҿҳәара даҽа шықәсык ацҵара.
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциаҟны ирыдыркылаз арезолиуциа ианаԥхьа ашьҭахь еизаз ауаа еилыҵит.
Обстановка у здания администрации Президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Аԥсны
Азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа ахәшьара арҭоит
Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аҩбатәи аетап ала аашьҭра иалагеит. Афымцалашара аашьҭхоит хәажәкыра 31 2022 шықәсанӡа. Уи иалнаршеит афымца арцәара аграфик аԥыхра.
Ажәабжьқәа зегьы
0