АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 – Sputnik. Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" ԥхынҷкәын 31 инаркны жәба рҟынӡа уахи-ҽни аус ауеит еиԥҟьарада. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа асаит.
2020 шықәса жьҭаара 1 азы Шәачатәи аҳазалхырҭа Краснодартәи аҳазалхырҭа иадырҵеит. Ас еиԥш иҟаз аӡбара рыдыркылеит Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа иатәу аусбарҭақәа зегьы русура аиӷьтәразы.
Шәачатәи аҳазалхырҭатә ҭыԥқәа ԥшьба: Шәачатәи ихадоу, Шәачатәи аҳаирбаӷәаза, аихамҩа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер", агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" иахьыҟоу рҭыԥ мԥсахкәа Краснодартәи аҳазалхырҭа анапаҵаҟахь ииаган.
Убри аан анапхгаратә напынҵақәа Краснодартәи аҳазалхырҭа анапаҵаҟахь ииаган.