Аԥсны

Аԥсны COVID-19 даҽа 83-ҩык ирыдырбалеит

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 37 690 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 30 067 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 555-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 31– Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 445-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 83-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит, ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 75-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 34-ҩык, ибжьаратәуп - 71-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 13-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - ааҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 17-ҩык ачымазцәа шьҭоуп.