АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Ажьырныҳәамза раԥхьатәи жәамш рзы Аԥсны Амшынеиқәатәи агаҿаҿы амш ҭышәынтәалахом ҳәа аанацҳауеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы агидрометеорологиа аҟәша.
Амш шәшьуеит, зны-зынла амрагьы кылԥхалоит, аамҭа-аамҭала ақәа, ақәабаа-сабаа аулоит, ажьырныҳәа раԥхьатәи жәамш рҵыхәтәахьы ианнеиуа асы аургьы ҟалоит. Уахынла аҳауа -2°С рҟынӡа илеир алшоит.
Атмосфератә қәыӷәӷәара ҭышәынтәалам.
Аԥшаласра ӷәӷәаӡам, секундк ала 2-7 метра, ҭыԥқәак рҿы 10, 15 метра рҟынӡа иҟалоит.
Уахынла аҳауаԥхарра +0°С +5°С, ҽынла +6°С +11°С.
Амшынӡы аҟәандара 10°С.
Амшынеисра 2-5 балл.
Аҳауа ацәаакыра 70-90%.