Ишдыру еиԥш, ашықәсқәа рхатә астрологиатә дыргақәа рзыԥҵәоуп. Урҭ рҟазшьа аарԥшуп аԥстәқәа рхаҿсахьақәа рыла. 2022 ашықәс абжьас иашықәсуп ҳәа иазгәаҭоуп. Иарбан дыргақәоу иадырҳәало абжьас, насгьы уи иақәшәо аԥштәқәа рыла ашықәс ҿыц аҽазырхиара ҳаамҭазтәи аҩынԥҳәыс дзызхәыцуа акоуп аныҳәа аламҭалазы.
Абжьас аԥсуа мифологиаҿы иуԥыло аԥстәқәа иреиуам. Уи иагьџьашьатәым, избанзар абжьас шьҭрала Азиантәи иаауеит. Ари ацгәышьҭра еиуоу аԥстәқәа жә-хкыкны иҟоуп. Урҭ рҟынтәи фба роуп еиқәханы иҟоу. Иазгәаҭатәуп Турантәи абжьас ҳәа изышьҭоу ахкы, даҽакала Кавказнҭыҵтәи (закавказский) ҳәа ззырҳәо Урыстәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы ицәырҵуаз, иқәӡааз абжьасхкқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Аха абжьас ахаҿсахьа ахаҭа аԥсуа мифологиаҿы иумбозаргьы, иара ацгәышьҭра иатәу ԥстәны ишыҟоу ала, иааидкыланы ацгәы ахаҿы аԥсуаа шазыҟоу азгәаҳҭап.
Ацгәы аԥсуа идунеихәаԥшраҿы иҵоурам аҟазшьақәа аманы ауп аиҳарак ишаарԥшу. Ауаҩи ацгәи еилахәуп, амиф-ҵабыргқәа рҟны ауаҩы ацгәы дақәтәаны, уи мҩангагас иманы иубоит. Ацгәы иақәтәоу ԥхасҭамзар, ак ҟаиҵом, ауаа дырԥырхагоуп, рынхара-нҵыра аԥхасҭа аиҭоит. Аха иара убри аангьы ацгәы амагиатә мчы злоу ԥстәуп.
Аԥсуаа рҿы ацгәы тотемк аҳасабала иамҵахырхәозгьы ыҟан. Иаҳҳәозар, Цыгәаа рыжәла шьаҭас иамоу уи ауп ҳәа иԥхьаӡоуп. Иазгәаҭатәуп даҽакгьы: Лашькьындар-ныха иану аԥстәы асахьа, археологцәа имҩаԥыргаз аҭҵааратә усурақәа рыла, ацгәышьҭроуп иамоу ҳәа алкаа ҟаҵан. Уи атәы азгәеиҭеит археолог Сурам Сақаниа.
"Ацгәы бжьы-ԥсык ахоуп" рҳәоит аԥсуаа, убасҵәҟьа абжьасгьы ҟазшьала акыр аҽеиҭанакуеит. Иара убас, иазгәарҭоит ауаҩы џьара хьаак имазар, уи ихьаа ахьцәырҵуа аҭыԥ аҿы ацгәы иқәтәар, игәы арбзиоит ҳәа.
Абас ала абжьас ашықәс еиуеиԥшым ацәаныррақәа аанагар алшоит уҳәар ауеит: уи зны игәыбзыӷуа иуԥылоит, зных уҽацәухьчароуп, ҽазных ухәрақәа зырӷьо акы акәны иҟалоит.