Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашықәс ҿыц – аԥсҭазаара ҿыц": атрадициақәеи аамҭеи

© Sputnik / Томас Тхайцук Новогодние украшения Сухумской елки
Новогодние украшения Сухумской елки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2021
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц аԥсуаа рҿы ишаԥыло, атрадициеи иахьатәи аамҭа аҭахрақәеи реиҿыбаашьа атәы далацәажәоит Есма Ҭодуаԥҳа.
Ашықәс ҿыц аныҳәа зегьы зеигәырӷьо ныҳәоуп. Уи иадырҳәалоит агәыӷра ҿыцқәа, аидеиа ҿыцқәа, ҵыԥхтәи ашықәс аасҭа сынтәатәи шеиӷьхара ҳәа иазхәыцуеит. Ашықәс ҿыц азгәаҭара атрадициа есааира аҽеиҭанакуеит. Аамҭа ицәырнаго аҿыц знеишьақәа, аҭахрақәа инарықәыршәаны атрадициақәагьы рҽырыԥсахуеит, зҽызымԥсахуа ахәҭақәа шыҟоугьы.
Аԥсуаа рҿы Ашықәс ҿыц аԥылараан уажәшьҭа традициала ишьақәгылаз зҽызымԥсахуа згәаҭарақәаны иҟоу рахьынтә ихадароу – ари аныҳәа ҭаацәаратә ныҳәаны аԥылара, аҭаацәа зегьы реидкылара, аиҳабацәа (андуцәа, абдуцәа) инадыркны аиҵбацәа рҟынӡа агәырӷьаеишәаҿы реидтәалара ауп. Ихадароуп аиҭанеиааира, ауа-аҭынха реибабара, даҽа қыҭак, ма қалақьк аҟны инхо рашьцәа, раҳәшьцәа рбара, аибабара, аныҳәатә гәалаҟара ацеиҩшара, аицазгәаҭара. Ари аныҳәа ажьрацәара еидызкыло аныҳәақәа иреиуоуп уҳәар ауеит.
Аԥсаӡ - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2021
Х-дунеик еимаздо: аԥсаӡ аҵаки уи архиашьеи аԥсуаа рдунеихәаԥшышьала
Аиҳарак Ашықәс ҿыц игәырӷьаҵәа иазыԥшу ахәыҷқәа роуп. Урҭ рзы ари аныҳәа ааира лакә ссирк аҭаара иаҩызоуп. Егьырҭ атәылақәа рҟын еиҧш, аҧсуаа ҳҿгьы аҿыц аамҭа иҳаланрҵәаз, ари аныҳәа зыда ҟалашьа амам иреиуоуп Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи. Урҭ раара, хымҧада, ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзаагара аныҳәа иахәҭакәу ритуалуп. Убас еиҧшҵәҟьа итрадициахеит уҳәар ауеит ахәыҷқәа рҟынтәи Аҵаа Бабаду асалам шәҟәы изыҩра. Аԥсуа Аҵаа Бабаду аиҳарак дшаарԥшу Санта Клаус, мамзаргьы Дед Мороз дреиҧшны акәзаргьы, уи аҧсуа хаҿсахьагьы индырԥшуеит: аԥсуа маҭәа ишәҵаны – икәымжәы, икаба, иуапа шкәакәа, ишьаҵақәа уҳәа, иара убасгьы аԥсуа бырг хатәра еснагь ицу илабашьа иркны даарҧшуп.

Аԥсуаа иазгәарҭо Ашықәс ҿыц азы традициала жәытәнатәаахыс зҽызымԥсахуа акәны иҟоуп изакәызаалак акы ашьа акаҭәара: уи шьтәазар (аџьма, ауаса, аӡыс), ма рбаӷьзар, кәтызар, шәишәизар ҟалоит. Аԥсуа чысқәа: абысҭа, ашә, ачашә, ачаԥақәа инрыцлеит аныҳәатә еишәа зладырхио шьҭа аԥсуаагьы иҳалаҵәаз еиуеиҧшым аиаҵәарақәеи (асалаҭқәеи) ахаамыхақәеи, ашәырхкқәеи (ҳәарада уажәааны иҟоу амандаринақәа ашәырқәа рыбжьара хадара руеит).

Аԥсаӡ архиара акәзар, егьырҭ амилаҭқәа рҿы аныҳәа ааира ҩымчыбжь-хымчыбжь еиҳангьы шабжьоу иҟарҵозар, аԥсуаа, шамахамзар, мышкы-ҩымш, зегьы ианреиҳаха - мчыбжьык шабжьоу аҩны идыргылоит, идырхиоит. Архиараангьы ҭаацәаныла еицдырхиоит, ахәмаргақәа хыршьуеит.
Аныҳәа аухазы маҭәа ҿыцла рҽеиларҳәоит, ахәыҷқәа еиуеиҧшым алакә персонажцәа рцәамаҭәа ршәырҵоит. Иҟоуп ҭаацәацыҧхьаӡа зхатә традициқәа аҧҵаны измоу. Иаҳҳәап, уажәы имодоуп афотоҭыԥ (фотозона) ҳәа изышьҭоу аҟны ҭаацәала афотосахьа аҭыхра, аҭаацәа еиԥшу аныҳәатә маҭәала рҽеилаҳәара – ари иҿыцу, Европантәи иаауа традициоуп, аԥсуаа ишьҭыркааз, ҳаҧсҭазаара иалаҵәаз.
Новогодняя елка в городе Ткуарчал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2023
Ашықәс ҿыц аҭоурыхи иара иацу ахаҿсахьақәеи
Ашықәс ҿыцазтәи атрадициақәа зны ажәытәтәи ашьаҭақәа рахь ихынҳәуеит, зны иҿыцу шьҭыркаауеит уҳәар ауеит. Иаҳҳәап, сынтәа аҭирҭақәа рҟны ицәырҵыз ахәмаргақәа рыла иубоит, анкьа еиԥш анапылаҟаҵаратә хәмаргақәа, мамзаргьы еиуеиԥшым аформа змоу, сахьа хкыла еилаарцырцуа ахәмаргақәа – акыр шықәса раҧхьа аларҵәара змаз, аха нас змода ыӡхьаз ҿыц ишеиҭаҵәырҵыз.
Ашықәс ҿыц азгәаҭара аиҭакрақәа аланагалозаргьы, акры аҵанакуеит аиҳабацәа, андуцәа, абдуцәа разҵаара дара рхаан аныҳәа шазгәарҭоз, традициақәас иацыз. Ари аныҳәа иацу атрадициақәа иреиуоуп иара убас, уи гәырӷьа дула аҧылара, ахысра – уаанӡа абџьар ҭдырҟьозҭгьы, уажәы уи ԥсахыуп еилаарцыруа алашарбагақәа рхысрала. Убасгьы традициала аҧсуаа ари аныҳәа ианаԥыло ацқьара иашьклаҧшуеит, аҩны дырҿыцуеит, ирҭахым дәылыргоит, аҿыц ҩнаргалоит. Хымԥада раԥхьа ирзааиуа асас имышьҭа гәарҭоит. Убри аҟнытә зегьы ирҭахуп згәы разу ауаҩы рыҩны даҭаарц, изҭало ашықәс маншәалахарц азы. Иҿыцу атрадициақәа ртәы ҳҳәозар, иаҳа-иаҳа ауаа ирылаҵәо иалагеит иара убас, аныҳәа аухазы ақалақьтә ԥсаӡ ду аҭаара.
Атрадициақәеи аамҭеи еснагь еидҳәалоуп, акы даҽакы анырра анаҭоит, зны иҿыцу шцәырнаго еиҧш, уаанӡа инрыжьхьаз еиҭарҿыцуеит – ари есааира аҿиара змоу, аангылашьа змам процессуп "Ашықәс ҿыц – аҧсҭазаара ҿыц" шацу еиҧш.
Ҽаанбзиала! Мышьҭабзиала!
Абхазский стол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Аныҳәамшқәа рзы аиҭанеиааира аҵакы аԥсуаа ртрадициатә культураҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0