Украина аҩнуҵҟатәи аӡқәа рахь урыстәылатәи аӷбақәа рзы амҩа адыркит

Украина аҩнуҵҟатәи аӡиас мҩақәа рахь иаҵанакуеит Днестр, Дунаи, Днепр.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Украина абаӷәақәа Урыстәылазы ианаркит, абри азы азакәан амч аиуит ажьырныҳәа 1 2022 шықәса рзы ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Адокумент инақәыршәаны, "аҳәынҭқарра-агрессор" (абас ауп Украина Урыстәыла ишазырҳәо) абираҟ зықәгылоу аӷбақәа аринахыс апассаџьырцәеи аидареи мҩаныргар рылшом аӡиастә баӷәазақәа рыла.
Уи адагьы, азакәан иазԥхьагәанаҭоит Украина урыстәылауаа рыӷбақәа рҭаҩра мап ацәкра.
Путин: Украина ахԥатәи арратә операциа аҽазыҟанаҵоушәа агәаанагара ҳамоуп
Урыстәыла-украинатәи аизыҟазаашьақәа бааԥсхеит Донбасс бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара ианалагаз ашьҭахь. Киев Москва харас иаднаҵоит иара аҩнуҵҟатәи аусқәа аҽрыланагалоит ҳәа, 2015 шықәса ажьырныҳәамзазы "атәыла-агрессор" ҳәа азырҳәеит. Мраҭашәара Украина иадгыланы Урыстәыла асанкциақәа азаԥнаҵеит.
Кремль изныкымкәа иазгәанаҭахьан иара Украина аҩнуҵҟа иҟоу аимак аҽшаланамгало, Киев иамоу аполитикатәи аекономикатәи кризис аӡбар шакәу иаҭаху.