Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахәҭак фымцалашарада иаанхеит

Ажьырныҳәа 1 ауха авольтҳарак цәаҳәа "Мысра" ыцәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Ажьырныҳәа 1 хәылбыҽхаахыс фымцалашарада иаанханы иҟоуп астанциа маҷқәа "Мысра-ахага", "Гәдоуҭа-110", "Лыхны" рҟынтәи алашара зауа абонентцәа. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апроесс-маҵзура".
Иазгәаҭоуп ишыцәаз авольтҳарак цәаҳәа-110 "Мысра".
Аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ аԥшаара цәгьан иахьылашьцаз, насгьы амш ахьыцәгьаз азы.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагарц акәын ианшалак ашьҭахь.