Ахәыҷқәа рзын COVID-19 ашәарҭара иацу атәы рҳәеит

Акоронавирус иацу аԥсыԥлагаҩагара ацәыуадаҩра анаҩсгьы ахәыҷқәа рыҟны еиуеиԥшымкәа ицәырҵыр ауеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Ахәыҷқәа рыҟны акоронавирус ицәырнагар ҟалоит ашәарҭара зцу "аковидтә нацәкьарақәа" ҳәа зырҳәо, анацәкьарақәа рыхҵаара угәалазыршәо ҳәа РИА НОВОСТИ аҟны иҳәеит Роспотребнадзор Аепидемиологиа аҭҵаарадырратә центр адиректор ихаҭыԥуаҩ, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент Александр Горелов.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа акоронавирустә чмазара зыхьуа ахәыҷқәа ртәы
Горелов иара убасгьы иазгәеиҭеит, зықәра намӡац ахәыҷқәа рыҟны ицәырҵыр шалшо аца-акьатеитә чымазара. Аковид ашьҭахь ауадаҩрақәа роур ҟалоит рҷаҷақәа, ргәаҵәа, агәы-шьадатә, иара убас рыԥсыԥлагаҩагаратә хәҭақәа рыҟны.
Иара иажәақәа рыла, агәаҵәкара еиҳарак изыхьуа быжьшықәса ирҭысхьоу ахәыҷқәа роуп. Зықәра намӡац ахәыҷқәа рақәзар урҭ адуцәа реиԥш рырԥҳақәа ааха роур алшоит.
Еиҳа иӷәӷәаны аҿкчымазара зхызго ҳәа иԥхьаӡоуп ахәыҷқәа шықәсык зхымҵыци ахбыџқәеи иара убас, ианиуаз ачымазарақәа зыцииз аҳәыҷқәеи.