Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа акоронавирустә чмазара зыхьуа ахәыҷқәа ртәы

© Sputnik / Марианна Кубрава Игорь Джопуа
Игорь Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акоронавирустә чмазара зыхьуа ахәыҷқәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу, урҭ цхыраарас ирырҭо атәы.

 

Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа акоронавирустә чмазара зыхьуа ахәыҷқәа ртәы

Ашәҟәы иҭагалоу акоронавирустә чмазара ахҭысқәа рхыԥхьаӡара иацлеит аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы. Аҳақьымцәа иазгәарҭоит ачымазцәа рықәра иаҳа ишмаҷхаз, урҭ рыбжьара иҟоуп ачымазара ҿкы ӷәӷәаны изхызго. Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иадҵаало рхыԥхьаӡара иазҳаит. Апандемиа иалагеижьҭеи 1200 ахәыҷқәа рыбжьара акоронавирустә ҿкы аарԥшын, рашәарамзазы мацара ус еиԥш ахҭысқәа 200 рҟынӡа ашәҟәы иҭагалан.

 

"…Аҳәыҷқәа алаҵа рзыҟарҵом 18 шықәса рхыҵаанӡа. Уи зыхҟьо, ишыжәдыруа еиԥш, аамҭа маҷны ицахьеит авакцина ҿыц ҟарҵеижьҭеи. Уи ахәыҷы иҿы ахы шымҩаԥнаго макьана цқьа иҭҵааӡам", - иҳәеит Џьапуа.

Иаҳа инеиҵыху аицәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0