Акоронавирус иласны изхызго шәарҭарас ирзаҵоу атәы рҳәеит аҵарауаа

Акоронавирустә аҿкчымазара алаҵәара зырԥсыҽуа алаҵаҟаҵароуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Иласны мамзаргьы аҽцәырымгаӡакәан COVID-19 зхызго алаҵа змам ауаа ахҟьа-ԥҟьа рызнымхар ауӡом ҳәа азгәарҭоит Америкатәи аҵарауаа. Аҭҵаарақәа рлыҵшәақәа кьыԥхьуп Journal of Translational Medicine аҟны.
Аҵарауаа акоронавирус ауаҩы ицәа иахьынӡалахо шьақәдыргылеит
Аҟазауаа еилыркааит, гәыԥҩык аҿкчымазара зхызгаз рҟны аутоцәеижьҿагыларақәа шазҳаз, уи аутоимуннтә чымазарақәа ишырҷыдаҟазшьоу.
Аҵарауаа уи алагьы алкаа ҟарҵеит, аҿкчымазара имарианы изхызгогьы иммуннитен акыр аамҭа ашьақәгылара ишадхало уи ауаҩы ицәеижьхәҭақәа рҭагылазаашьа ишаныруа.