Ҟазахсҭан ахада иуаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Ҟазахсҭан ахада Касым-Жомарт Токаев уахыки-ҽнаки ирҭагӡаны аҩынтә раан иуаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ҟазахсҭан имҩаԥысуа аҿагыларатә еилаҩеиласрақәа ирыхҟьаны атәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иара дшыҟалаз атәы иҳәеит атәыла ахада уаанӡа иҟаз Нурсултан Назарбаев ихаҭыԥан.
Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит ишҭахаз, ахәрақәа шроуз амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, убри аҟнытә азинеилагаҩцәа раанкыларазы иџьбараны рхы шымҩаԥыргало иҳәеит.
Атәыла ахада инаҵшьны иҳәеит ижәлар рыгәҭа дшыҟоу, хара имгакәа аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ажәалагала ҿыцқәа иманы дышцәырҵуа.
"Иҟалалакгьы, сара аҳҭнықалақь аҿы саанхоит", - иҳәеит Токаев.
Иара убасгьы иара иажәа иацҵо иҳәеит уаанӡеиԥш, шьаҿа-шьаҿала имҩаԥиго ареформақәа шымҩаԥигало, агәыӷрагьы ааирԥшит ажәлар идгылап ҳәа.
Ҟазахсҭан имҩаԥысуа аҿагыларақәа: аҵыхәтәантәи ахҭысқәа