Ҟазахсҭан имҩаԥысуа аҿагыларақәа: аҵыхәтәантәи ахҭысқәа

© Sputnik / Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Казахстане на фоне протестов
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Анапаҵаҩра
Ахаша ажьырныҳәа 5 рзы Ҟазахсҭан аҭагылазаашьа аибарххарахь икылнагеит агаз ахә ахьышьҭыҵыз иахҟьаны: ауаа амитинг ахь ицәырҵны Алма-Ата ақалақь аҿы хыла-гәыла еилалеит, аиҳабыра аҭагылазаашьа ҷыда арежим аларгалеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Ҟазахсҭан ауаа рацәа злахәу аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеит аӡшьартә газ ахә ахьышьҭыҵыз инамаданы, аҿагыларатә акциақәа аибарххара ӷәӷәақәа рахь ииасит. Абыржәтәи аамҭазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.
Ҽынла ажьырныҳәа 5 рзы аҿагыларатә акциақәа рахь ицәырҵыз ауаа Алма-Ата иҟоу Ҟазахсҭан ахада Касым-Жомарт Токаев дахьыҩноу аиҳабыратә хыбра иҩналаны иааныркылеит ҳәа адырра ҟарҵеит АИХқәа.
Уаанӡа адырра ҟалахьан зықьҩыла ажәлар атәыла ахада ихыбрахь иҩналаразы иадеизалахьан ҳәа.
Ҟазахсҭан ахада ауаажәларра рахь ихы нарханы дықәгылараны дыҟоуп атәылаҿы ауаа рацәа злахәу аҿагыларатә акциақәа рҵыхәала. Ари шьҭа ҩынтәхоит аҵыхәтәантәи ҩымш рыла иара ажәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵоижьҭеи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
© Sputnik / Айгерим Таубай / Амедиаҵәахырҭахь аиасра

Апартиа Nur Otan Аузетәи араионтә филиал ахыбра рблырц ргәы иҭан ижәылоз ауаа.

Апартиа Nur Otan Аузетәи араионтә филиал ахыбра рблырц ргәы иҭан ижәылоз ауаа.  - Sputnik Аҧсны
1/4

Апартиа Nur Otan Аузетәи араионтә филиал ахыбра рблырц ргәы иҭан ижәылоз ауаа.

© Sputnik / Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасра

Алма-Ата амҩақәа рҿы арратә техника цәырыргеит.

Алма-Ата амҩақәа рҿы арратә техника цәырыргеит.  - Sputnik Аҧсны
2/4

Алма-Ата амҩақәа рҿы арратә техника цәырыргеит.

© Sputnik / Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасра

Алма-Ата амашьынақәа амца рыцрарҵоит.

Алма-Ата амашьынақәа амца рыцрарҵоит. - Sputnik Аҧсны
3/4

Алма-Ата амашьынақәа амца рыцрарҵоит.

© Sputnik / Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасра

"Газель" Алма-Ата ақалақь амҩақәа руак аҟны ибылны игылоуп.

"Газель" Алма-Ата ақалақь амҩақәа руак аҟны ибылны игылоуп.  - Sputnik Аҧсны
4/4

"Газель" Алма-Ата ақалақь амҩақәа руак аҟны ибылны игылоуп.

1/4

Апартиа Nur Otan Аузетәи араионтә филиал ахыбра рблырц ргәы иҭан ижәылоз ауаа.

2/4

Алма-Ата амҩақәа рҿы арратә техника цәырыргеит.

3/4

Алма-Ата амашьынақәа амца рыцрарҵоит.

4/4

"Газель" Алма-Ата ақалақь амҩақәа руак аҟны ибылны игылоуп.

Урыстәыла зҿлымҳарыла Ҟазахсҭантәи аҭагылазаашьа иацклаԥшуеит ҳәа рҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы. Дара иаарласны иҭышәынтәалахап ҳәа агәыӷра аадырԥшит.
Кремль аҿгьы аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭеит. "Акыр ихадоуп аӡәгьы анҭыҵынтә иҽалаимгалар", - ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
Ишьақәгылаз аибарххарақәа ирыхҟьаны "Ҟазахтелеком" атәыла зегь аҿы аинтернет арцәеит. Ҟазахсҭан асаитқәа аҳәаанырцәынтәгьы иузаартуам. GlobalCheck адыррақәа рыла, Алма-Атеи Нур-Султани аҭелтә еимадарагьы аус ауам.
Алма-Ата акомендант аҳәамҭа ҟаиҵеит аҿагылара аазырԥшуа рнапаҟынтәи 500-ҩык атәылауаа аахақәа шроуз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы 130-ҩык аҳәсеи аҭаҳмадцәеи. Апоилициаа зҽырцәгьаны иҟаз раанкыларазы алашарабжьытә рԥжәагақәа рхы иадырхәеит.
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵуан аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Атәыла ахада Касым-Жомарт Токаев анапынҵа ҟаиҵеит аҭагылазаашьа ҭызҵаауа акомиссиа аԥҵазарц, уи акомиссиа ажьырныҳәа 4 рзы адырра ҟанаҵеит аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу. Аха аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит. Ахаша ажьырныҳәа 5 рзы Алма-Ата ақалақь ахадара ахыбра иажәлеит, амцагьы ацрарҵеит. Уа иаларгалеит ажьырныҳәа 19 рҟынӡа аҭагылазаашьа ҷыда арежим.
Ҟазахсҭан ахада Токаев атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит ишьақәгылаз аибарххарақәа рзы ахара рыдҵо. Уи адагьы, иара адҵа ҟаиҵеит аӡшьартә гази абылтәи рыхәԥса шықәсыбжак иалагӡаны аҳәынҭқарра иҭышәыннартәаларазы.
Газовые протесты в Казахстане  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Алма-Ата агаз ахә ашьҭыҵра иаҿагылоу ауаа ақалақь ахадара ахыбра иҩналеит
Ажәабжьқәа зегьы
0