Аԥсны

Беслан Бигәаа Аҟәа ақьафурҭаҿы иҟалаз ахысра аус ала иҿахәы иҿырхит

Ахҭыс ҟалеит Ашықәс ҿыц ауха асааҭ 02:00 рзы асасааирҭа "Гаруда" иатәу ақьафурҭаҿы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа ажьырныҳәа 2 рзы иҿахәы иҿырхит Аҟәа ақьафурҭаҿы иҟалаз ахысра аус ала, уи ииҳәаз иашоу иашаму гәарҭоит заанаҵтәи аусҭҵаарақәа рымҩаԥгараан. Абри атәы аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Иацы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа аамҭала имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәит заанаҵтәи аусҭҵаарақәа цонаҵы.

Ажьырныҳәа 1 2022 шықәса рзы Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша ихацнаркыз ашьаусҭҵаара ишьақәнаргылеит атәылауаҩ Ҵулукьиа Ҭ.З. амцабџьар иҭҟьаз ахы шиқәшәаз ажьырныҳәа 1 асааҭ 02:00 рзеиԥш Аҟәа иҟоу асасааирҭа "Гаруда" иатәу ақьафурҭаҿы сасыки иареи аимак рыбжьаланы аисрахь ианкылибага ашьҭахь. Абас аанацҳауеит аусбарҭа.

Аԥсны
Ашьаус хацыркуп Аҟәа қьафурҭак аҿы Ашықәс ҿыц ауха ахаҵа ахәра ахьоуз азы
Ареспубликатә хәшәтәырҭахь ахәра зауз хаҵак дышнаргаз Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит асааҭ 02:40 рзеиԥш.
Иҟалаз шыҟалаз аилкааразы, аиаша ашьақәыргыларазы ашьаусԥшаара-оперативтә усмҩаԥгатәқәа уажәраанӡагьы имҩаԥысуеит.