Аԥсны

Очамчыра араион ахәҭак фымцалашарада иаанхеит

Иҟалаза аԥхасҭа аԥыхра иалагарц ргәы иҭоуп ашьыжь ажьырныҳәа 6 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Очамчыра араион ахәҭак фымцалашарада иаанхеит. Ибжьысит авольтҳарак цәаҳәа-35 кВ "Мықә". Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Фымцалашарада иаанхеит астанциа маҷқәа "Мықә", "Кәачара".
Аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь абригада неит, аха аусурақәа ирылагр рылшои шьыжьымҭан заҵәык рҳәеит адырраҭараҿы.