Аԥсны

Акоронавирус рыдырбалеит даҽа 84-ҩык Аԥсны ауааԥсыра

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 38150-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 30723-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 561-ы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 435-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 84-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит, ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 63-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 50-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ааҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 14-ҩык ачымазцәа шьҭоуп.