"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа авольтҳарак цәаҳәа "Мықә" аиҭашьақәыргылара иалагеит

Очамчыра араион ахәҭак фымцалашарада иаанханы иҟоуп ажьырныҳәа 5 хәылбыҽхаахыс.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Мықә" аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ишаашаз ирылагеит, уажәраанӡагьы ирҿуп ҳәа адырра ҟанаҵоит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Ажьырныҳәа 5 ахәылбыҽха ибжьысит авольтҳарак цәаҳәа-35 кВ "Мықә". Уи иахҟьаны фымцалашарада иаанхеит астанциа маҷқәа "Мықә", "Кәачара".