АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Аҭагылазаашьа ҷыда арежим алагалоуп Ҟазахсҭан иахьабалак ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ҟазахсҭан.
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵуан амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит.
Ажьырныҳәа 5 рзы аҭагылазаашьа зынӡаск аибарххарахь икылнагеит, Алма-Ата ақалақь ахадара ахыбра иажәлан амцагьы ацрарҵеит. Ауаа рацәа злахәу аилаҩынтрақәа ирылагеит. Ҩ-миллионҩык ауаа ахьынхо ақалақь аинфраструктура аԥхасҭа ӷәӷәа аҭоуп. Аҳаирбаӷәаза аусура аанкылоуп.