Токаев Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаараҿы рҩызцәа рыцхыраара даҳәеит

© Sputnik / Абзал Калиев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Казахстане на фоне протестов
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Анапаҵаҩра
Ҟазахсҭан агаз ахә ашьҭыҵра иахҟьаны излагаз аҭынчратә акциақәа аиҿагыларақәа рахь ииасит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа арыцҳарақәа ҟамларц азы ирылшо ҟарҵоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Ҟазахсҭан ахада Касым-Жомарт Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара (ОДКБ) иалахәу аҳәынҭқаррақәа рхадацәа рыцхыраара дшаҳәаз итәылаҿы ишьақәгылаз атеррористтә шәарҭара аԥырҟәҟәааразы. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ҟазахсҭан.
"Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара иалахәу ҳҩызцәа рахь ацхырааразы аҳәара ианаамҭаз иҟаҳҵеит ҳәа ҳаԥхьаӡоит", - ҳәа инаҵишьит атәыла ахада.
Атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа адәныҟантәи иаауа агрессиоуп ҳәа ахиҳәааит Токаев. Иара убас иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра акзаареи ауааԥсыра рыԥсҭазаареи ашәарҭара ишҭагылоу.
Атәыла ахада иажәақәа рыла, атеррористцәа ахыбрақәа бџтаршьҭыхла иааныркылоит, арратә ҵараиурҭақәа ркурсантцәа ирықәлоит, Алма-Ата азааигәара атеррористтә гәыԥқәеи Аҳаир-десанттә архәҭақәеи еиҿахысуан.
Иҭахеит амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ааҩык.
"Атеррористә гәыԥқәа жәларбжьаратәқәоуп, урҭ аҳәаанырцә аҽазыҟаҵара ӷәӷәа иахысит, дара Ҟазахсҭан рақәлара агрессиа актк аҳасабала уахәаԥшыр ҟалоит", - иҳәеит Токаев аҳәынҭқарратә телеканал "Хабар 24" аҟны аҳәамҭа аныҟаиҵоз.
Иуаажәлар рахь ааԥхьара ҟаҵо, атәыла ахада иазгәеиҭеит илшо зегьы шыҟаиҵо аҟазахцәа рыԥсадгьыли дареи рыхьчаразы.
Президент РФ В. Путин принял участие в неформальной встрече руководителей государств - участников СНГ - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Ҟазахсҭан ахада иуаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара (ОДКБ) иалахәуп: Урыстәыла, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Ҭаџьикисҭан.
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит.
Ажьырныҳәа 5 рзы аҭагылазаашьа зынӡаск аибарххарахь икылнагеит, Алма-Ата ақалақь ахадара ахыбра иажәлан амцагьы ацрарҵеит. Ауаа рацәа злахәу аилаҩынтрақәа ирылагеит. Амародиорцәа аофисқәа хыла-гәыла еиларҵон, абанкоматқәа ԥырҽуан. Алма-Ата атәыла ахада иҩни аҳаирбаӷәазеи ааныркылеит. Ҩ-миллионҩык ауаа ахьынхо ақалақь аинфраструктура аԥхасҭа ӷәӷәа аҭоуп.
Атәыла зегь аҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп. Ҟазахсҭан иҟоу аҭагылазаашьа иацклаԥшуеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0