АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аиашахаҵаратә қьырсианцәа Қьырса ныҳәа рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Гәык-ԥсыкала ишәыдсныҳәалоит Иаса Қьырса Иира Амш. Ҳхы-ҳгәы зырҭгәырӷьаауа, ақьиареи аиашареи шыҟоу хаҳҵартә иҟазҵо ари аныҳәа ду ҳгәыӷрақәа шынаӡо агәра ҳнаргоит, агәыҳалалра, аибаҭахра, аихӡыӡаара ҳабжьазар шакәу ҳгәаланаршәоит", - ҳәа ануп адныҳәалараҟны.
Атәыла ахада иажәа иацҵо иҳәеит COVID-19 апандемиа макьана адунеи иахаԥаны ишыҟоу, ари аамҭа уадаҩ азы аицхыраареи, аидгылареи, аӡәыкны аҟазаареи акыр шрыҵаркуа.
"Иаса Қьырса ныҳәа лаша ҳаԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа шаҳзыԥшу агәыӷра ҳнаҭоит, абзиарақәа ирызҳәоу ашьаҿақәа ҳнарҟаҵоит. Ари аныҳәа ԥшьа азгәазҭо Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит шәыгәҭакқәа зегьы наӡарц, шәхәышҭаарамцахә еснагь ижжаӡа иакызарц. Қьырса алԥха шәымазааит!" - ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Ақьырсианраҿы зегь реиҳа ихадоу аныҳәақәа ируаку Иаса Қьырса Иира аныҳәа азгәарҭоит ажьырныҳәа 7 ауха.
Ари амш Аԥсны иныҳәатә ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.