АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Афонҿыцтәи апарк аҟны иҟоу аӡҭачы ихдыргылеит анышь асахьа змоу аӡыршә, абри атәы Sputnik акорреспондент еизеиҭеиҳәеит ақалақь анапхгара анџьныр хада Ҭемыр Аҩхба.
Аҩхба ишиҳәаз ала, ари аиԥш аҟаҵара ахшыҩҵак изцәырнагеит аинтернет - ари аҩызаҵәҟьа аӡыршә ыҟоуп Валенсиа.
Аиԥш зеиԥшу ҳара ҳақалақь аҟны иҟазарц сҭаххеит. Хымԥада Испаниатәи аӡыршә иаҳа амҽхак дууп. Ари ашьақәыргылара шықәсыбжак ҳадхалеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҩхба иҳәеит, аӡыршә апарк аӡҭачы аҟны ишышьақәдыргылаз. Аӡыршә аура фметраки бжаки иҟоуп амазгәыҭ агылара ԥшьметрак, аӡыршә анышь асахьа амоуп, уахынла илашоит.
Анџьныр хада иажәақәа рыла, апроект ахарџь рацәа рцәамгаӡеит. Уи ашьақәыргылараҿ ақалақь ауааԥсыра ацхыраара ҟарҵеит.
"Досу ирылшоз ала ацхыраара ҟарҵон аӡәы аӡхагалага ааигеит, аӡәы аӡымҩангага ааигеит, даҽаӡәы аибыҭарақәа хәыда-ԥсада иаҳзыҟаиҵеит, ажәакала зегь ҳамчқәа еилаҵаны иҟаҳцеит. Ақалақь иаҭаауа асасцәагь иргәаԥхоит, сара схаҭагьы исгәаԥхоит", - иҳәеит иара.
Аҩхба иҳәеит, ақалақь ахадара Афон аҩнуҵҟа иҟарҵаша иҵегь апроектқәа шрымоу, аха урҭ ртәы аҳәара макьана ишзаацәоу.