Аԥсны

Аҟәа аоппозициа имҩаԥыргаз амитинг аҟны аилаҩеиласра иалахәыз ԥшьҩык аанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура ԥшьҩык ауааԥсыра аанакылеит ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласра иалахәыз, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада асаит.
Аанкыларақәа мҩаԥган, ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рааигәара имҩаԥгаз амитинг ашьҭахь, аилаҩеиласрақәа рылахәреи амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала амч ахархәареи рзы ихацыркыз заатәи ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Иаанкылоу рыхьыӡқәа макьана иҳәам.
Иазгәаҭоуп, ишаанкылоу Азакәанеидкыла 206-тәи ахәҭаҷ актәи, аҩбатәи ахәҭа (Аиҿкаареи, аилаҩеиласрақәа рылахәреи); 320-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭа (Амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала амч ахархәареи) инарықәыршәаны.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи аилаҩеиласрақәа рылахәреи рзы ашьаус хацыркуп
Аԥсны АШәМ аоперативтә усбарҭеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи аԥшаарақәа ирыцырҵуеит аилаҩеиласра иалахәыз ацәгьоуцәа рыԥшаара.
Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысит ззин ыҟамыз аоппозициатә мчрақәа рмитинг, уи аҿагыларатә акциахь ииасит. Амитинг алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит.
Аԥсны
Бжьаниа Аҟәа имҩаԥысыз аоппозициаа рмитинг ахҳәаа аиҭеит