Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Митинг у здания администрации Президента
Митинг  у здания администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Анапаҵаҩра
Аҿагылара аазырԥшуаз аоппозициа рхаҭарнакцәа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иԥылеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи дареи реиԥылара ашьҭахь.
Аоппозициатә мчрақәа дҵас иқәдыргылоит:
атәыла ахада азакәан инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара - Апарламент аҿы имаҵура иамхра,
ахада иамхра апроцедура мҩаԥысуанаҵы афымцамч, амазара, адәныҟатәи аполитика рганахьала иаԥшьгамҭақәа зегьы раанкылара,
Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара партиала ахаҭарнакцәа ралалара алзыршо еилаԥсоу алхратә системахь аиасра азԥхьагәазҭо аԥсахрақәа Аконституциа ралагалара,
аԥыза-министр имаҵура аԥыхразы Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара,
Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа хымԥада Апарламент аҿы рышьақәырӷәӷәара алзыршо апроцедуразы Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара,
Апарламент афбатәи ааԥхьара аҿҳәара даҽа шықәсык ацҵара.
Аоппозициа ахаҭарнакцәа рмитинг иалагеит Аҟәа ԥхынҷкәын 21 аҽнышьыбжьон. Шьыжьнаҵы аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәан, урҭ иаарыкәыршаны аихатәы аандақәа шьақәыргылан, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аганахьала - автобусқәа ргылан.
Амитинг иалахәыз атәыла ахада иахь рхаҭарнакцәа нарышьҭит аҿагыларатә акциахь дцәырҵны еизаз рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵарц иацәажәарц. Урҭ реиԥылара алҵшәақәа еизаз иргәамԥхазт, Апарламент ахь идәықәлеит, уа рҽазыршәеит мчыла ахыбрахь анеира. Аҭагылазаашьа акыр еибарххан.
Асааҭ 21:15 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аиҿцәажәаразы атәыла ахада иахь ҩаԥхьа инеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0