Аԥсны

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәача аицлабраҟны аԥхьахәқәа ргеит

"Урыстәыла апедагогикатә шахматтә еидгыла" еиҿнакааз Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "OPEN SOCHI-2022" мҩаԥысит Шәача ажьырныҳәа 7-8 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа хԥа ааныркылеит атурнир "Open Sochi-2022" аҟны ҳәа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ ашахмат азы азыҟаҵаҩ Альберт Карапетиан.
Иара иажәақәа рыла, арҭ аицлабрақәа ҩ-хкыкны имҩаԥысуан – "рапид" (иласу ашахматқәа), "блиц" (имацәысеимҟьароу ашахматқәа).
"Иласу ашахматқәа рҟны актәи аҭыԥ лгеит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ ааӡамҭа Александра Аҩӡԥҳа 11 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара. Аҩбатәи аҭыԥ лгеит сара сыԥҳа - Николь Карапетиан. Лара дықәгылон 10 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара. Аҩбатәи аҭыԥ иара убас игеит Очамчыратәи ашкол-интернат 9-тәи акласс аҵаҩы Аинар Хәырхәмал. Уи дазыҟаиҵоит иаб Оҭар Хәырхәмал", - иҳәеит Карапетиан.
1 / 2

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәача аицлабраҟны аԥхьахәқәа ргеит

2 / 2

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәача аицлабраҟны аԥхьахәқәа ргеит

Зынӡа атурнир иалахәын 80-ҩык ашахматасыҩцәа. Аԥсны ақалақьқәа Аҟәа, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гагра, Пицунда рҟынтәи инеит 25-ҩык аспортсменцәа.
Карапетиан игәы иаланы иазгәеиҭеит иара иааӡамҭацәа иҵегьы еиӷьны рхы аадырԥшыр шрылшоз, аха уажәшьҭа хәымз ирықәуп Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аус амуеижьҭеи акоронавирустә ԥкрақәа рымшала, уи иахҟьаны иахәҭоу азыҟаҵарақәа ирхымсит, рдыррақәа еиздмырҳаит. Иара агәыӷра ааирԥшит хара имгакәа рышкол ашәқәа шаанартуа.
Арадио
Ӡаԥшьба ашахмат азы: ауаҩы ихәыцраз еиӷьу макьана иҟамлацт