https://sputnik-abkhazia.info/20220109/asnyti-ashakhmatasytsa-yshtsa-shacha-aitslabrany-akhakha-rgeit-1037073070.html
Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәача аицлабраҟны аԥхьахәқәа ргеит
Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәача аицлабраҟны аԥхьахәқәа ргеит
Sputnik Аҧсны
"Урыстәыла апедагогикатә шахматтә еидгыла" еиҿнакааз Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "OPEN SOCHI-2022" мҩаԥысит Шәача ажьырныҳәа 7-8 рзы. 09.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-09T13:30+0300
2022-01-09T13:30+0300
2022-01-09T13:55+0300
аԥсны
аспорт
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/09/1037072718_0:121:1024:697_1920x0_80_0_0_b66a873e9820f842e22ceb690351c293.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа хԥа ааныркылеит атурнир "Open Sochi-2022" аҟны ҳәа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ ашахмат азы азыҟаҵаҩ Альберт Карапетиан.Иара иажәақәа рыла, арҭ аицлабрақәа ҩ-хкыкны имҩаԥысуан – "рапид" (иласу ашахматқәа), "блиц" (имацәысеимҟьароу ашахматқәа)."Иласу ашахматқәа рҟны актәи аҭыԥ лгеит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ ааӡамҭа Александра Аҩӡԥҳа 11 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара. Аҩбатәи аҭыԥ лгеит сара сыԥҳа - Николь Карапетиан. Лара дықәгылон 10 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара. Аҩбатәи аҭыԥ иара убас игеит Очамчыратәи ашкол-интернат 9-тәи акласс аҵаҩы Аинар Хәырхәмал. Уи дазыҟаиҵоит иаб Оҭар Хәырхәмал", - иҳәеит Карапетиан.Зынӡа атурнир иалахәын 80-ҩык ашахматасыҩцәа. Аԥсны ақалақьқәа Аҟәа, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гагра, Пицунда рҟынтәи инеит 25-ҩык аспортсменцәа.Карапетиан игәы иаланы иазгәеиҭеит иара иааӡамҭацәа иҵегьы еиӷьны рхы аадырԥшыр шрылшоз, аха уажәшьҭа хәымз ирықәуп Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аус амуеижьҭеи акоронавирустә ԥкрақәа рымшала, уи иахҟьаны иахәҭоу азыҟаҵарақәа ирхымсит, рдыррақәа еиздмырҳаит. Иара агәыӷра ааирԥшит хара имгакәа рышкол ашәқәа шаанартуа.
https://sputnik-abkhazia.info/20210720/ashba-ashakhmat-azy-auay-ikhytsraz-eiu-makana-iamlatst-1032868322.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/09/1037072718_0:172:1024:940_1920x0_80_0_0_1b25ab9636a1a36b5ad86fbaf6459ee8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аспорт, ажәабжьқәа
Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәача аицлабраҟны аԥхьахәқәа ргеит
13:30 09.01.2022 (ирҿыцуп: 13:55 09.01.2022) "Урыстәыла апедагогикатә шахматтә еидгыла" еиҿнакааз Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "OPEN SOCHI-2022" мҩаԥысит Шәача ажьырныҳәа 7-8 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа хԥа ааныркылеит атурнир "Open Sochi-2022" аҟны ҳәа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ ашахмат азы азыҟаҵаҩ Альберт Карапетиан.
Иара иажәақәа рыла, арҭ аицлабрақәа ҩ-хкыкны имҩаԥысуан – "рапид" (иласу ашахматқәа), "блиц" (имацәысеимҟьароу ашахматқәа).
"Иласу ашахматқәа рҟны актәи аҭыԥ лгеит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ ааӡамҭа Александра Аҩӡԥҳа 11 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара. Аҩбатәи аҭыԥ лгеит сара сыԥҳа - Николь Карапетиан. Лара дықәгылон 10 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аӡӷабцәа рыбжьара. Аҩбатәи аҭыԥ иара убас игеит Очамчыратәи ашкол-интернат 9-тәи акласс аҵаҩы Аинар Хәырхәмал. Уи дазыҟаиҵоит иаб Оҭар Хәырхәмал", - иҳәеит Карапетиан.

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәача аицлабраҟны аԥхьахәқәа ргеит

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәача аицлабраҟны аԥхьахәқәа ргеит
Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәача аицлабраҟны аԥхьахәқәа ргеит
Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәача аицлабраҟны аԥхьахәқәа ргеит
Зынӡа атурнир иалахәын 80-ҩык ашахматасыҩцәа. Аԥсны ақалақьқәа Аҟәа, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гагра, Пицунда рҟынтәи инеит 25-ҩык аспортсменцәа.
Карапетиан игәы иаланы иазгәеиҭеит иара иааӡамҭацәа иҵегьы еиӷьны рхы аадырԥшыр шрылшоз, аха уажәшьҭа хәымз ирықәуп Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аус амуеижьҭеи акоронавирустә ԥкрақәа рымшала, уи иахҟьаны иахәҭоу азыҟаҵарақәа ирхымсит, рдыррақәа еиздмырҳаит. Иара агәыӷра ааирԥшит хара имгакәа рышкол ашәқәа шаанартуа.