Аԥсны

Ауаҩы иира – ахшараиура мариахарц азы аԥсуаа имҩаԥыргоз ақьабзқәа

Ахшараиура мариахарц азы аԥсуаа имҩаԥыргоз ақьабзқәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik
Аԥсабараҿы зегь реиҳа иҟәышу, акыр зылшо ҳәа иԥхьаӡо ауаҩы иоуп. Ауаҩы икәшамыкәша иааҟоу зегьы, дызланхо-дызланҵуа иара инапала иҟаиҵаз, ихшыҩ ала иаԥиҵаз ауп. Убасҵәҟьа иааикәыршан иҟоу аԥсабарагьы аԥсы ахаҵаны дахәаԥшуеит.
Ауаҩы иира иацуп имаҷымкәа акәамаҵамақәа, уи иадҳәалоу ақьабзқәагьы маҷым. Уажәы ҳазааҭгылап ахшараиура мариахарц азы аԥсуаа имҩаԥыргоз ақьабзқәеи разгәаҭарақәеи.
Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа: ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу згәаҭарақәак
Аӡәырҩы ажәларқәа реиԥш, аԥсуаагьы аԥҳәыс лыхшараиура адгьыл аҿы имҩаԥысроуп ҳәа иахәаԥшуан. Адгьыл аҿы аҭәа шьҭаҵаны иҟарҵон аԥҳәыс лыхшараиура иаҳа имариахоит ҳәа. Аԥҳәыс лыхшараиура анааигәахо ахаҵа аҩны даԥырҵны дцар акәын. Ахшара дзауаз илыцхраауан аԥҳәысеилыргаҩцәа. Хазы иаарыԥхьон ахшара дышьҭызхуаз.
Ажәытәан аԥҳәыс лыхшараиура мариахарц азы имҩаԥыргон амагиатә ҟазшьа змаз аритуалқәа. Иаҳҳәап, ахшара дзауа аԥҳәыс лханы ашашәа еиҵыхны наҟ-ааҟ аԥҳәысеилыргаҩцәа иркын, ажьафархь еизганы иршны илдыржәуан ахшараиура армариоит ҳәа. Имҩаԥыргон абас еиԥш иҟаз ақьабзгьы: ахшара дзауаз лармарахьала амыркатыли адырди шьҭарҵон, ларӷьарахьала – аҳәызбеи аӡаӡи, мамзаргьы аиха, аигәышә, аҟама.. Ахшара дышьҭызхуа абарҭ рҩызцәа ажәақәа лҳәон: "Уҷкәынзар, арыӷьарахь уца, быӡӷабзар – арымарахь" ҳәа.
"Аглахьа", ма "агылхьа": ани ахәыҷи ирыдҳәалоу аныҳәарақәа рзы азгәаҭақәа
Амагиатә ҵакы амоуп иара убас, аԥҳәыс ахшара данлоуа иҿаҳәаны иҟоу зегьы раартра. Иаҳҳәап: ахшара дзауа лыхцәқәа ԥаны иҟазар, иԥдыртлоит, лыхцәқәа аурыжьуеит, изакәызаалак еиқәҳәаланы иҟоу – шашәоума, рахәыцума – иԥдыртлоит, ашәқәа, аԥенџьырқәа, ашәындыҟәрақәа аадыртуеит. Ас еиԥш ала "иаркыу зегьы раартра" ҵакыс иамоу аԥҳәыс лыхшараиура мариахааит ҳәа ауп.
Аԥсуаа разгәаҭарақәа ишырҳәо ала аԥҳәыс лыхшараура иахылаԥшуа, иаԥырхагоу, мамзаргьы изырмариар зылшо "адгьыл амч" ауп. Убри аҟнытә уи лыхшараура мариахарц азы адгьыл амч ахьӡала ашьтәа ршьуеит, уи иахылаԥшу иҳәоит, ахшара дзоуа дахьышьҭоу иаалыкәыхшаны ашыӡи ахәаӡи карыԥсон.
Ахшара данилак, уи иҷапан маркатылла ихҵәаны, нас арахәыц ала иҿарҳәон. Ахәыҷы иҷапан ӷьаанӡа уи амаркатыл иалакьысӡомызт, иԥхьаркуан. Аҷапан анкашәалакь ауац илаҵаны аҩны аҭӡамц иаларшьыхуан.
"Заҟа дукәабо аҟара деизҳауеит": асаби икәабаразы аԥсуаа разгәаҭарақәак
Ажәытәан иара убасгьы, ахшара дахьиуаз аҩнаҭаҿы ауаргьала хшьны иҟарҵон, "ԥа-гәырӷьа" аныҟарҵоз амш азын уахь инеиуаз ахәыҷқәа ақәтәаны игьалон. Ауаргьала ахшьра аҵакы инагӡаны еилкаам, аха уи ииз ауаҩы дманшәалахарц, изҳашьа бзиахарц азы имҩаԥыргоз ритуалк иаҩызан ҳәа азгәаиҭоит аетнограф Григори Чурсин.
Ахшараиура ихадароу аԥсҭазааратә актк аҳасабала ишыҟоу ала уи еиуеиԥшым ақьабзқәа ацуп.

Ахшараиура маншәалахарц азгьы ахәыҷи ани ирхылаԥшу анцәахәқәа ирымҵаныҳәоит. Урҭ Ажьаҳареи Адгьыл-дедоԥали роуп. Аԥҳәыс лыхшараиура анааигәахо аныҳәаҩ урҭ анцәахәқәа рыхьӡала аҿаҭахьа шыҟалҵо ала ажәа лҳәоит. Ажьаҳара ахьӡала шасыс иҟарҵоит асаан, уи ахшара дзоуа лхы инакәыхшаны иԥхьаркуеит. Адгьыл-дедоԥал ахьӡала акәзар, аҩны аԥшькәакькцыԥхьаӡа акәтаӷьқәа ыҵаҵан ирҵәахуеит. Аԥҳәыс ахшара данлоулак ашьҭахь ҩбаҟа мчыбжьа анҵлак урҭ шасыс иҟарҵаз "рхы иақәиҭыртәуеит", аныҳәара мҩаԥыргоит акәытқәа шьны, ачашә, аилаџь, акәакәарқәа адгаланы. Аныҳәара зҽалазырхәуа аҳәса заҵәык роуп. Аныҳәаҩ ани ахшареи лныҳәоит иара убас, адәныҟа иҟоу рыхьӡала.

Ауаҩы иира хымԥада хҭыс дууп, уи иазкуп имаҷымкәа ақьабзқәеи аныҳәарақәеи. Урҭ зегьы ииуа ауаҩы иманшәалахара, ихылаԥшра ирызкуп.
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи