Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа: ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу згәаҭарақәак

CC0 / / Новорожденный
Новорожденный - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩ иира иадҳәалоу згәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа рҿы жәытәнатә аахыс ауаҩытәыҩса иира ныҳәа дуны ирыԥхьаӡон. Асаби дахьиз аҭаацәара, аижәлантә зегьы еицгәырӷьон.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Ахьыӡи - ахьӡыи: ахәыҷы ахьыӡ иҭара иадҳәалоу ақьабзқәа

Ажәытәан аҳәса ахшара ахьроуаз амҳараҿы акәын. Усҟан аԥсуаа агәра зларгоз ала зцәа зтәымкәа иҟоу аҳәса дырхылаԥшхәын адгьыли ахшараиуреи рынцәахәы Адгьыл ҳкәажә. Аԥҳәыс ахшара данлоулак ашьҭахь, зыхьӡ ҳәоу анцәахәы лыхьӡала иҷыдоу ақьабз мҩаԥыргон. Хшара дзауаз леилыргараҿы ацхыраара ҟазҵоз аԥҳәыс цқьа ахшара дзауз лиара аҵаҟа хә-кәтәаӷьк адгьыл аҿы ишьҭаҵаны илыркәымпылуан, нас акакала инаганы аҩны аԥшь-кәакьк рҿы иҵауланы илжуан, ахәбатәи акәтаӷь ԥыҭраамҭак илҵәахуан. Ари аритуал азкын ҿыц ииз иани иареи адгьыл радныҳәалара.

Ахәыҷы данилак, дышьҭызхуаз (аԥҳәыс ҵқьа, зықәрахь инеихьаз аԥҳәыс бырг) аҳамҭа лырҭон, уас дҟарҵон. Иара убас, аԥсуаа ииз ахәыҷы адгьыл дықәдыршәыр ма аԥҳә дыладыршәыр, дандухалак иԥсҭазаара бзиахоит, агәамчи аԥсынҵры наӡеи иоуеит ҳәа рыԥхьаӡон.

Аҩнаҭаҿы аԥа диир, уажәшьҭа "ҳаҵәҩаншьап ыӡуам", "ҳдаракәац ыӡуам" рҳәон. Зыҩнаҭа аҵеи диуа, игәылацәа, иуа-иҭынха, дызҭаху зегьы иеигәырӷьаны идныҳәалон, ус иҟоуп иахьагьы.

Ахаҵарԥыс дахьиз аҭаацәа ирыдныҳәаларц иахьнеиуа изырҳәауеит: "дҵеи мышхааит", "шәыжәла (ҳажәла) Анцәа иазирҳааит", "дҵоураны Анцәа дышәзиааӡааит", "аԥшқа ииз аԥсынҵры бзиа Анцәа иҭ", "дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа" уҳәа убас егьырҭгьы.

Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

Апоет, аҵарауаҩ Баграт Шьынқәба аԥсуа етикет азы гәаанагарақәак еидызкыло ишәҟәы "Адацқәа бзанаҵы аҵла аԥсы ҭоуп" аҟны абас иҩуан:

"Анцәа ду шьарда зымчу илԥха-игәыԥха иабзоураны, аҩнаҭаҿы данилак ахылҵ, андуи абдуи ари агәырӷьаҿҳәаша разҳәоз ирҭон аҳамҭа.

Ииз асаби дыҷкәынзар, аб иашьа дындәылҵны ажәҩан днаҵаԥшуеит, "Уа, Анцәа Ду, ҳажәла азырҳа!" ҳәа хынтә еиҭеиҳәоит, нас аҵықьҳәагьы дынхысуеит. Аб иашьа дыҟамзар, абшьҭрала аҩнаҭа иазааигәоу, иахәҭоу ажәақәа наҳәаны, аҵықьҳәа дхысуеит.

Ииз асаби дыӡӷабзар, анду дындәылҵны лкасы аалхыхны ажәҩан днаҵаԥшуеит, "Бҭыԥҳа мышхааит! Ҳажәла азыҳәа быхьӡырҳәагахааит!" ҳәа дныҳәа-ныԥхьаны дхынҳәуеит".

Аб иҳәышҭаара змырӡуа, изырҿио "аҵәҩаншьапы" ҳәа аԥсуаа ирыԥхьаӡо аҷкәын иоуп, аха аӡӷабгьы дгәыгәҭарыжьуамызт "Аԥҳа бзиа ҩыџьа аԥацәа бааԥсқәа дрыԥсоуп" рҳәон. Ииз аӡӷаб хәыҷы раԥхьаӡа лнацәхыԥқәа анхырссалак, инаган ачамгәыр, агитара уҳәа ирымаз, рааигәа иҟаз амузыкатә арҳәагақәа ирҭарыԥсон, ахәыҷы дандухалак урҭ дрызҟазахарц.

Иахьа уажәраанӡагьы иҟоуп ахшара ирыхҳәаау алаҵәара змоу еиуеиԥшым жәлар разгәаҭарақәа. Иааҳгап акык-ҩбак:

  • Ахәыҷы иан лгәыбылра икразы, дызлалкәабаз аӡы ала лҿы лыӡәӡәар бзиоуп.
  • Ахәыҷы даныхәыҷу илеишәа цәгьазар, дандухалак акыр илҵуеит рҳәоит.
  • Ахәыҷы агара дахьгароу акы ихыган аӡәы иуҭар ҵасым ахәыҷы изы.
  • Ахәыҷы даныхәыҷу шаҟа дҵәыуо аҟара дыԥшӡахоит рҳәоит.
  • Ахәыҷы данеицәкьысуа деизҳауеит рҳәоит.
  • Амра анҭашәалак аԥшқа имаҭәақәа адәахьы икнарҳауамызт.
  • Ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа ихәы анырҵаӡомызт, шықәсык анихыҵлак аҽны ихәы анырҵон.

Абарҭ азгәаҭақәа зегьы аԥсуаа ашәышықәсақәа иргәылганы иааргоз аҵасқәеи ақьабзқәеи ирҟәырҷахоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0