НАТО аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Урыстәылеи дареи реиҿцәажәара алҵшәа роуртә ишыҟало агәра игоит

Ажьырныҳәа 12 рзы Урыстәыла-НАТО ахеилак аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп, уа ирылацәажәараны иҟоуп Европа ашәарҭадара азҵааразы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. НАТО анапхгаҩы Иенс Столтенберг агәра ганы дыҟоуп Урыстәыла алҵшәа аиоуртә аҿцәажәара шалшо, аха аиҿагыларақәагьы ҟалар шауа азгәеиҭеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Дареи ҳареи ҳаиҿцәажәарақәа аҵак ду рымоуп аполитикатә ӡбамҭақәа рыдкыларазы, арратә конфликт аԥырҟәҟәааразы. Ҳара Урыстәыла иамоу агәжәажәарақәа ҳарзыӡырыҩуеит. Норвегиа аԥыза-министрс саныҟаз аамҭазы дареи ҳареи ҳаиҿцәажәарақәа мҩаԥызгон, исгәалашәоит Урыстәылеи ҳареи акы ҳазааибагар шалшо здыруеит. Абас ҟалалоит НАТО-и дареи реиҿцәажәарақәа раангьы. Аха убри аан ҳара ҳазыхиазароуп Урыстәыла аҽарцәгьаргьы шауа, аусеицура аҭыԥан аҿагыларахь ииасыргьы ауеит", - иҳәеит Столтенберг.
Путин: Урыстәылазы акраҵанакуеит ашәарҭадаразы ахәдықәҵарақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа
Ашәахьа ажьырныҳәа 10 рзы Урыстәыла-НАТО ахеилак аилатәара аламҭалаз Бриуссель имҩаԥысит Иенса Столтенберги европатәии европа-антлантикатәи аинтеграциеи рзы Украина аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ольга Стефанишинеи реиԥылара. Ари аиԥылара далахәуп Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба.
Абри аамҭазы Женева имҩаԥысуеит Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи реиҿкаара (ОБСЕ) аҳәаақәа ирҭагӡаны иарку аиԥылара.
Ашәарҭадара ахәдықәҵараз ЕАА рацәажәаразы Урыстәылатәи аделегациа Женеваҟа ицеит
НАТО аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ игәаанагарала, ари амчыбжь иалагӡаны иҟоу ауадаҩрақәа зегьы рыӡбара шалымшо. Зегь ериҳа ихадоу уажәазы - Европа аконфликт ҿыц мҿиартә аҟаҵара.
2021 ашықәс анҵәамҭазы Урыстәыла иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа.