Путин: Урыстәылазы акраҵанакуеит ашәарҭадаразы ахәдықәҵарақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание с членами правительства РФ
Президент РФ В. Путин провел совещание с членами правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа. Урҭ зегьы Вашингтонҟа ирышьҭхьеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Ашәарҭадаразы ахәдықәҵарақәа рсистема ари апроцесс иалахәу зегьы ԥкрақәак рызцәырнагоит, аха Урыстәылазы акраҵанакуеит иара ашәарҭадара зыхьчо ахәдықәҵарақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа, абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
"Ашәарҭадаразы ахәдықәҵарақәа рсистема ари апроцесс иалахәу зегьы ԥкрақәак рызцәырнагоит, аха ҳара хықәкык ауп иҳамоу - иахьатәи аамҭазгьы, наҟ-наҟгьы Урыстәылеи уи атәылауаа ршәарҭадара ахьчара", - абас иҳәеит Путин аканал "Россия 1" адырраҭара "Москва. Кремль. Путин" аҟны Павел Зарубин аинтервиу анииҭоз.
Урыстәыла ахада ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа ажәалагалақәеи "ацәаҳәа ҟаԥшь" ҳәа зыӡбахә иҳәази ауаа иахьрыладырҵәаз атәы ҳәо, иара убас иазгәеиҭеит ари аҩыза ашьаҿа абжьааԥнытәи аицәажәарақәа ишреиԥшым, аха ашәарҭара шыҟоу Урыстәыла иҟанаҵо иарбанзаалакгьы ажәалагала мраҭашәаратәи атәылақәа ҿарԥас ишыҟарҵо ари апроцесс аргәагәареи агәыларатә тәылақәа ҳаамҭа иақәшәо арбџьармчқәа рыла реиқәыршәареи рзы.
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Урыстәыла ААР НАТО-и дареи реиԥылараан излацәажәараны иҟоу атема хадақәа рыӡбахә аҳәеит
Ԥхынҷкәын 17 рзы Москва иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков РИА Новости ишазеиҭеиҳәахьаз ала, НАТО-и ЕАА-и ашәарҭадаразы Урыстәыла ирыднагало ахәдықәҵарақәа хырҩа рырымҭар, ҩаԥхьа аибарххарахь икылсыр шалшо.
Абарҭқәа рзы аиҿцәажәарақәа раԥхьатәи рраундқәа мҩаԥысыр ҟалоит ажьырныҳәамзазы. Урыстәыла ахада Владимир Путин изныкымкәа иазгәеиҭахьан НАТО мрагыларахь аиҵыҵреи Украина ажәыларатә арбџьармчқәа рыргылареи - Москва азы ацәаҳәа ҟаԥшь акәхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0