Путин: Ҟазахсҭан амаидантә технологиақәа ахархәара рыман

Ашәахьа ажьырныҳәа 10 рзы ОДКБ анапхгаҩцәа Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәоит. Асессиа иалахәуп аиҿкаара алахәылацәа зегьы - Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан , Киргизиа, Урыстәыла, Ҭаџьикисҭан.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Ҟазахсҭан амаидантә технологиақәа ахархәара рыман ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара асаммит аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Мҽхакы ҭбаала ахархәара рыман амаидантә технологиақәа ирышьашәалоу аелементқәа - мчылеи информациалеи аҿагыларақәа адгылара рыман. Рхы иадырхәеит ибзианы еиҿкааз, амҩақәҵара бзиа змаз аибашьцәа ргәыԥқәа. Абыржәы Ҟазахсҭан ахада Токаевгьы иҳәеит, урҭ аибашьцәа хымԥада аҳәаанырцәтәи атеррористцәа рлагерқәа рҟны азыҟаҵара бзиа роуит", - иҳәеит Путин.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит ОДКБ аганахьала Ҟазахсҭан ацхрааразы аусмҩаԥгатәқәа ирласны еиҿыркааит ҳәа.
Владимир Путин агәрагара ааирԥшит хара имгакәа Ҟазахсҭан аҭагылазаашьа шҭышәынтәалахо, аҭынчра шышьақәгыло.
"Саԥхьа иқәгылоз ишырҳәоз еиԥш, Ҟазахсҭан иахьа иҟанаҵо ашьаҿақәа ҳаргьы ҳадгылара анаиулак, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахоит. Аобиект хадақәа, иаҳҳәозар, Алма-Ататәи аҳаирбаӷәаза, атеррористцәа рҟынтәи ирыцқьоуп Ҟазахсҭан аруааи азинхьчаҩцәеи рыбзоурала", - иҳәеит Путин ОДКБ асаммит аҟны.
Ҟазахсҭан аилаҩеиласрақәа ирылахәын ҳәа иаанкылоу 7939-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Урыстәыла ахада иара убас иазгәеиҭеит ОДКБ амчрақәа Ҟазахсҭан иҟазаауеит атәыла анапхгара, уи ажәлар иахьынӡарҭаху, иара иахәҭоу аусқәа шааҟанаҵалак, аҭыԥ ахь ихынҳәуеит ҳәа.
Путин иара убас иҳәеит ОДКБ амчқәа Ҟазахсҭан инеины иҟоуп атәыла анапхгара иҟанаҵаз аҳәаралеи 1992 шықәсазтәи Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 4 инақәыршәаны.
ОДКБ Ҟазахсҭанҟа аҭынчреиҿкааҩцәа рдәықәҵара иалагеит
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло.
Ажьырныҳәа 4 рзы атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит. Алма-Ата, ареспублика ԥыхьатәи аҳҭнықалақь аҿы ажьырныҳәа 4, 5 рзы аҿагылара аазырԥшуази аполициаа еиҿанагалеит, аполициа ахы ианархәеит агази алашарабжьытә рԥжәагақәеи. Ҟазахсҭан зегь аҿы аинтернет аҿыхын, ателеканалқәа русура аанкылан, иалагалан аҭагылазаашьа ҷыда.
Ашьыжь ажьырныҳәа 5 рзы Ҟазахсҭан ахада Токаев атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит ишьақәгылаз аибарххарақәа рзы ахара рыдҵо. Иара убас адырра ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иара дшыҟалаз, уаанӡа иҟаз атәыла раԥхьатәи ахада Нурсултан Назарбаев ихаҭыԥан.
Ажьырныҳәа 6 ауха Токаев имҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак иара инапхгарала ираԥхьатәихаз аилатәара, уи аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа "аҳәынҭқарра акзаара ҵызшәаауа" шакәу, адыррагьы ҟаиҵеит ОДКБ ахь аҳәара шыҟаиҵаз "атеррористтә шәарҭара ахыхраҟны ирыцхрааразы".
Ажьырныҳәа 7 рзы Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит атеррористцәа рыҽшаанырымкыло, урҭ ишрылоу аҳәаанырцәынтә иааз, ажәагьы рниҵеит зыбџьар шьҭазымҵаз зегьы шҭадырхо. Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит ҭынчрала агәынамӡара ааазырԥшуаз атәылауаа зегьы рҭахрақәа зегьы ишрызхьаԥшыз.