ОДКБ Ҟазахсҭанҟа аҭынчреиҿкааҩцәа рдәықәҵара иалагеит

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтправка российской части миротворческого контингента в Казахстан
Отправка российской части миротворческого контингента в Казахстан - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
Анапаҵаҩра
Архәҭақәа аларгаларц уаанӡа аҳәара ҟаиҵахьан атәыла ахада Касым-Жомарт Токаев.
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара (ОДКБ) аконтингент аԥхьагылара зуа аҟәшақәа Ҟазахсҭан адҵақәа рынагӡара иалагахьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Абыржәтәи аамҭазы Урыстәыла Аҳаир-космостә мчрақәа иртәу арра-транспорттә авиациа аҳаирпланқәа Ареспублика Ҟазахсҭанҟа инанагоит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа. Урҭ рахьтә аԥхьагылара зуа архәҭақәа ирырҭаз адҵақәа рынагӡара иалагахьеит", - ҳәа аанацҳауеит ОДКБ амаӡаныҟәгарҭа.

Ҟазахсҭан ахада Касым-Жомарт Токаев ОДКБ ахь ацхыраара данаҳәоз иҳәеит аҳәаанырцәынтә иаашьҭу абандақәа шракәу атәылаҿы аиҿагыларақәа цәырҵыртә иҟазҵаз.
Аколлективтә ҭынчреиҿкааратә мчрақәа уахь инашьҭуп аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа. Урыстәылатәи аруаа рыда уахь иалалоит ԥшь-тәылак рарбџьармчқәа рхаҭарнакцәа — Белоруссиа, Ермантәыла, Киргизиа, Ҭаџьикисҭан.
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара Ҟазахсҭанҟа аҭынчреиҿкааҩцәа нанашьҭуеит
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Ари аҩыза ахә ашьҭыҵра зыхҟьаз ҳәа Аенергетика аминистрра мзызс иаанагоит ажьырныҳәа 1 инаркны агаз ахәԥса аелектронтә биржатә хәаахәҭырҭақәа рҟны уи аҭахреи шаҟа рыдыргалои еиҿырԥшны ахәԥса шьақәдыргыло иахьалагаз азоуп ҳәа.
Ажьырныҳәа 4 рзы атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит.
Ашьыжь ажьырныҳәа 5 рзы Ҟазахсҭан ахада Токаев атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит ишьақәгылаз аибарххарақәа рзы ахара рыдҵо. Уи адагьы, иара адҵа ҟаиҵеит аӡшьартә гази абылтәи рыхәԥса шықәсыбжак иалагӡаны аҳәынҭқарра иҭышәыннартәаларазы.
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Токаев Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаараҿы рҩызцәа рыцхыраара даҳәеит
Иара убас адырра ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иара дшыҟалаз, уаанӡа иҟаз атәыла раԥхьатәи ахада Нурсултан Назарбаев ихаҭыԥан, уи адагьы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ажәалагала ҿыцқәа иманы дышцәырҵуа иҳәеит. Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит ишҭахаз, ахәрақәа шроуз жәаҩыла амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, убри аҟнытә азинеилагаҩцәа раанкыларазы иџьбараны рхы шымҩаԥыргало азгәеиҭеит.
Уи иазымӡырыҩкәа, агәынамӡара аазырԥшуа ауаа административтә хыбрақәеи аполициа аусбарҭеи рахь акымкәа ажәыларақәа мҩаԥыргеит, иҭахеит жәаҩыла ауааԥсыра.
Sputnik Ҟазахсҭан ишаанацҳауа ала, 10:30 рзы аҿагылара аазырԥшуа ауаа ҩаԥхьа Алма-Ата Ареспублика ашҭаҿы аизара иаҿуп, уажәы уа 200-250-ҩык раҟара еизахьеит, убри аан азинхьчаҩцәа ҳәа аӡәгьы дыҟам.
Атәыла зегь аҿы аҭагылазаашьа ҷыда арежим алагалоуп.
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
Ҟазахсҭан аиҳабыра атәыла зегь аҿы аҭагылазаашьа ҷыда арежим аларгалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0