Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи Женева реиҿцәажәарақәа хыркәшоуп

Ажьырныҳәа 12 рзы Бриуссель имҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла-НАТО рхеилак аилатәара, адырҩаҽны имҩаԥысраны иҟоуп Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи реиҿкаара (ОБСЕ) аҳәаақәа ирҭагӡаны венатәи иарку аиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Женева ихыркәшоуп Урыстәыла-америкатәи аиҿцәажәарақәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Еиду амилаҭқәа реиҿкаара женеватәи аҟәшаҿы иҟоу Еиду Америкатәи аштатқәа ахаҭарнакра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аиԥыларахь аҩганк рхаҭарнакцәа рыда аӡәгьы дыҩнарымҵеит, иара мҩаԥысуан 7,5 сааҭ раҟара. Аганқәа маҷк какалк ркырц индәылҵит аҟароуп.
Урыстәылатәи аделегациа нахгара аиҭон адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Фомин. Америкатәи аделегациа дахагылан аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Уенди Шерман.
НАТО аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Урыстәылеи дареи реиҿцәажәара алҵшәа роуртә ишыҟало агәра игоит
Иацы уаххьафараан аусутә еилацәажәара мҩаԥган. Уи алҵшәақәа ртәы дазааҭгыло, Риабков иҳәеит реицәажәара шыуадаҩыз, аха усутәла ишазнеиз. Адипломат инаҵшьны иазгәеиҭеит Москва ЕАА ирзыӡырҩырц ишазыхиоу, аха урҭ реицәажәара алҵшәа алҵыр ауеит Украинеи Қырҭтәылеи НАТО-и дареи реизыҟазаашьақәа будапешттәи асаммит иаӡбаз иақәыршәаны иҟаларц шакәу.
Ԥхынҷкәын 17 рзы Москва иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рықәмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков РИА Новости ишазеиҭеиҳәахьаз ала, НАТО-и ЕАА-и ашәарҭадаразы Урыстәыла ирыднагало ахәдықәҵарақәа хырҩа рырымҭар, ҩаԥхьа аибарххарахь икылсыр шалшо.
Путин: Урыстәылазы акраҵанакуеит ашәарҭадаразы ахәдықәҵарақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа
2021 ашықәс анҵәамҭазы Урыстәыла иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа.