Аԥсны

Аҟәа аиҿагыларақәа дрылахәын ҳәа иаанкылоу даҽаӡәы жәохәымш ҳәа ддырбаандаҩит

Аҩаша ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа ирылахәын ҳәа иаанкылаз хәҩык ауааԥсыра ирызку аилатәара мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа иреиуоу Аслан Ҭаниа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит жәохәымш - ажьырныҳәа 23 рҟынӡа даанкылазарц.
Уаанӡа аӡбарҭа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала азыӡба аднакылеит мызки жәохәымши - жәабран 22 рҟынӡа арбаандаҩра иқәҵазарц.
Анрик Инаԥшьба изкыз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аилатәара ахыган игәамбзиараз.
Аҟәа ақалақь апрокуратура, ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа рышьҭахь, аилаҩеиласрақәа рылахәреи амчра ахаҭарнакцәа рганахьала амч ахархәареи рзы ихацнаркыз заатәи ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аанкыларақәа хәба мҩаԥнагеит.
Аԥсны
Аԥсны амилициа Аҟәа ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласразы аусԥшаарақәа хацнаркуеит