https://sputnik-abkhazia.info/20211225/asny-amilitsia-aa-auaa-ratsa-zlakhyz-ailaeilasrazy-ausshaaraa-khatsnarkueit-1036916535.html
Аԥсны амилициа Аҟәа ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласразы аусԥшаарақәа хацнаркуеит
Аԥсны амилициа Аҟәа ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласразы аусԥшаарақәа хацнаркуеит
Sputnik Аҧсны
Аҟәа ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг. 25.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-25T19:20+0300
2021-12-25T19:20+0300
2021-12-25T20:06+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/06/1036616793_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_38d276d87b5e8f76f498cc25fd24a44b.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәа ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысыз ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласра афакт ала аоперативтә усԥшаарақәа мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Иазгәаҭоуп, ААР ахатә еилазаара аусзуҩцәа ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа ауаа рацәа злахәыз аҿагыларатә акциақәа раан изакәанмыз ахымҩаԥгашьа аазырԥшуаз, иара убас апсихотроптә маҭәашьарқәа раахәареи, рыҵәахреи, изакәанымкәа акциа алахәцәа рызшареи афакт иалаҟьашьу ахаҿқәа ишрышьҭоу.Уи адагьы, ирышьҭоуп аҿагыларатә акциа алахәцәа рымшала ааха зауз атәылауаагьы.Арҭ аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит аоппозициатә мчрақәа рыблок "Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла" еиҿкааны ззин рыҭамкәа аиҳабыратә хыбрақәа рааигәара имҩаԥыргаз амитинг, ауааԥсыра ааха рыҭареи, хыла-гәыла зегь аилаҵареи, амазара аԥхасҭатәреи зцыз ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласразы Аҟәа ақалақь апрокуратура ихацнаркыз ашьаус инақәыршәаны.
https://sputnik-abkhazia.info/20211225/anarkotika-abar-aylara-aiagylaraa-asny-amilitsia-aoperativt-azhabzha-1036914782.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/06/1036616793_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_59ffa5caeb893705fb74976e6d2e9a52.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны амилициа Аҟәа ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласразы аусԥшаарақәа хацнаркуеит
19:20 25.12.2021 (ирҿыцуп: 20:06 25.12.2021) Аҟәа ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәа ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысыз ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласра афакт ала аоперативтә усԥшаарақәа мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа
апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, ААР ахатә еилазаара аусзуҩцәа ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа ауаа рацәа злахәыз аҿагыларатә акциақәа раан изакәанмыз ахымҩаԥгашьа аазырԥшуаз, иара убас апсихотроптә маҭәашьарқәа раахәареи, рыҵәахреи, изакәанымкәа акциа алахәцәа рызшареи афакт иалаҟьашьу ахаҿқәа ишрышьҭоу.
Уи адагьы, ирышьҭоуп аҿагыларатә акциа алахәцәа рымшала ааха зауз атәылауаагьы.
Арҭ аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит аоппозициатә мчрақәа рыблок "Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла" еиҿкааны ззин рыҭамкәа аиҳабыратә хыбрақәа рааигәара имҩаԥыргаз амитинг, ауааԥсыра ааха рыҭареи, хыла-гәыла зегь аилаҵареи, амазара аԥхасҭатәреи зцыз ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласразы Аҟәа ақалақь апрокуратура ихацнаркыз ашьаус инақәыршәаны.