Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ажьырныҳәа 12 рзы ӡыда иаанхоит

Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 - 22:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ажьырныҳәа 12 рзы ӡыда иаанхоит асааҭ 00:00 - 22:00 рзы ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".
Ӡыда иаанхоит Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Ешбеи Адыгааи рымҩақәа, Колос, авокзал, ВИЕМ, аџьармыкьа араион, ақалақь агәы.
Аӡы аанкылахоит Гәымсҭатәи, Уасил Лакоба, Кьараз амҩақәа рҟны аремонттә усурақәа ирхырҟьаны.