Аԥсны

Аҟәа имҩаԥгаз аиҿагыларақәа ирылахәыз ахәбатәи ахаҿы аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵеит

Иҳаҩсыз ашықәсан ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысуаз аоппозициаа рмитинг аиҿагыларақәа рахь ииасит, урҭ ирылахәыз рахьтә хәҩык апрокуратура иааннакылеит, рганахьала ашьаус хацнаркит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы имҩаԥысуаз аиҿагыларақәа ирылахәыз Рамаз Џьопуа аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵеит 2022 шықәса хәажәкыра 22 рҟынӡа.
Уаанӡа аӡбарҭа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала азыӡба аднакылеит мызки жәохәымши - жәабран 22 рҟынӡа арбаандаҩра иқәҵазарц. Аслан Ҭаниа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит жәохәымш - ажьырныҳәа 23 рҟынӡа дырбаандаҩзарц. Анрик Инаԥшьба изкыз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аилатәара ахыган игәамбзиараз. Баграт Сурмаа изку аӡбарҭа аилатәара ахыган ажьырныҳәа 13 рҟынӡа.
Аҟәа ақалақь апрокуратура, ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа рышьҭахь, аилаҩеиласрақәа рылахәреи амчра ахаҭарнакцәа рганахьала амч ахархәареи рзы ихацнаркыз заатәи ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аанкыларақәа хәба мҩаԥнагеит.