Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа аиҿагыларақәа ирылахәыз ҳәа иаанкылоу аԥшьбатәи ахаҿы изку аилатәарагьы ахыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь апрокуратура ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа ирылахәыз хәҩык ауааԥсыра ааннакылеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа иреиуоу Баграт Сурмаа изку аӡбарҭа аилатәара ахыргеит ажьырныҳәа 13 рҟынӡа.
Иара дзыхьчо аган аҳәара ҟанаҵеит иаанкылара аҿҳәара 96 сааҭ рҟынӡа даанкылазарц, избанзар идукатцәа иара иҟазшьарбагатә документқәа реизгаразы алшара рымамызт.
Аӡбарҭа урҭ рзыҳәа хәҭакла иазыразхеит, ажьырныҳәа 13 рҟынӡа даанкылазааит ҳәа иаӡбеит.
Уаанӡа аӡбарҭа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала азыӡба аднакылеит мызки жәохәымши - жәабран 22 рҟынӡа арбаандаҩра иқәҵазарц. Аслан Ҭаниа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит жәохәымш - ажьырныҳәа 23 рҟынӡа дырбаандаҩзарц. Анрик Инаԥшьба изкыз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аилатәара ахыган игәамбзиараз.
Аҟәа ақалақь апрокуратура, ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа рышьҭахь, аилаҩеиласрақәа рылахәреи амчра ахаҭарнакцәа рганахьала амч ахархәареи рзы ихацнаркыз заатәи ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аанкыларақәа хәба мҩаԥнагеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0