Аԥсны

Аӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәыла иганахьала азыӡба аднакылеит

Аҟәа ақалақь апрокуратура ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа ирылахәыз хәҩык ауааԥсыра ааннакылеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа ирылахәыз Баҭал Ҵәыџьба иганахьала азыӡба аднакылеит ҳәа аалыцҳауеит аҭыԥ аҟынтәи акорреспондент.

Ҵәыџьба жәабран 22 рҟынӡа арбаандаҩра иқәҵоуп.

Марат Аҩӡба зхантәаҩраҿы дыҟаз аӡбарҭа Ҵәыџьба дыбналар илшоит ҳәа аӡбеит.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рааигәара имҩаԥгаз амитинг ашьҭахь, аилаҩеиласрақәа рылахәреи амчра ахаҭарнакцәа рганахьала амч ахархәареи рзы ихацыркыз заатәи ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аанкыларақәа мҩаԥган.
Аԥсны
Аҟәа аоппозициа имҩаԥыргаз амитинг аҟны аилаҩеиласра иалахәыз ԥшьҩык аанкылоуп
Иазгәаҭоуп, ишаанкылоу Азакәанеидкыла 206-тәи ахәҭаҷ актәи, аҩбатәи ахәҭа (Аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәреи); 320-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭа (Амчра ахаҭарнакцәа рганахьала амч ахархәара) инарықәыршәаны.
Ахьчаратә ган иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа хымш рыҩнуҵҟа ари аӡбамҭа иахашшаарц агәҭакы амоуп ҳәа.
Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысит ззин ыҟамыз аоппозициатә мчрақәа рмитинг, уи аиҿагыларақәа рахь ииасит.
Аԥсны
Аԥсны амилициа Аҟәа ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласразы аусԥшаарақәа хацнаркуеит