АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа рҿы уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 1,13 миллионҩык COVID-19 рыдбалоуп ҳәа аҩуеит Reuters.
Амаҵзура иаҩуеит ари ахыԥхьаӡара дунеитә рекордны ишазгәаҭоу.
Убри аан иҳәоуп ахыԥхьаӡара иацзаргьы шалшо, аштатқәа зегьы аихшьалақәа рыҟаҵара иахьахьымӡаз иахҟьаны.
Амаҵзура астатистика инақәыршәаны, акоронавирус рыманы ишьҭоуп — 135 500-ҩык.
Уаанӡатәи арекордгьы ЕАА аҿоуп иахьазгәаҭаз — миллионҩык иреиҳаны ажьырныҳәа алагамҭаз уахыки-ҽнаки рыла авирус шьҭыркааит.
Ажьырныҳәа 11 азтәи адыррақәа рыла ЕАА рҿы акоронавирус рцәа иалоуп 60 062 077-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 837 000-ҩык.