ОДКБ аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟазахстан ианалырго атәы рҳәеит

Ажьырныҳәа 19 рҟынӡа Ҟазахстан аҵакыраҿы аҭагылазаашьа ҷыда арежим алагалоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. ОДКБ аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟазахстан ралгара ҩымш рышьҭахь иалагоит ҳәа иҳәеит ареспублика ахада Касым-Жомарт Токаев ҳәа аҩуеит РИА Новости.

"ОДКБ аҭынчреиҿкааҩцәа рмиссиа хыркәшоуп, ҩымш рышьҭахь атәыла ралгара иалагоит. Апроцесс жәамшҟа иадхалоит", - ҳәа иҳәеит иара, Апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа дықәгыло.

Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа инарыдҳәаланы Токаев ОДКБ ахь аҳәара ҟаиҵеит "атеррористтә шәарҭара ахыхраҟны ирыцхрааразы".
Абри инамаданы аҳәынҭқарратә, арратә, асоциалтә обиектқәа рыхьчара знапы ианҵаз аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟазахстанҟа инашьҭын.
ОДКБ Ҟазахсҭанҟа аҭынчреиҿкааҩцәа рдәықәҵара иалагеит
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит 2022-тәи ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло.
Ажьырныҳәа 5 рзы атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит.
Атәыла ахада Ашәарҭадаратә хеилак ахадараҿы дгыланы алаҳәара ҟаиҵеит аҭагылазаашьа аҳәынҭқарратә шьақәгылара ҵнашәаауеит ҳәа.
Ажьырныҳәа 7 рзы Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит атеррористцәа рыҽшаанырымкыло, урҭ ишрылоу аҳәаанырцәынтә иааз, ажәагьы рниҵеит зыбџьар шьҭазымҵаз зегьы шҭадырхо. Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит ҭынчрала агәынамӡара аазырԥшуаз атәылауаа зегьы рҭахрақәа зегьы ишрызхьаԥшыз.