Риабков: Урыстәыла Украинеи Қырҭтәылеи НАТО ишалахәымхо азы ахәдықәҵарақәа аҭахуп

Урыстәылеи ЕАА-и ажьырныҳәа 9-10 рзы Женева имҩаԥыргеит аконсультациақәа Москва ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа рзы иҟанаҵаз ажәалагалақәа рышьҭахь. Анаҩс Бриуссель имҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла – НАТО рхеилак аилатәара.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Урыстәыла Украинеи Қырҭтәылеи НАТО ишалахәымхо азы ахәдықәҵарақәа аҭахуп ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла ААР ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков иажәақәа шьаҭас иганы.

"Ҳара инаҵшьны иазгәаҳҭоит ари высшьа змам ак шакәу. Хымԥада агәрагара ҳамазароуп Украинеи Қырҭтәылеи НАТО ишалахәымхо азы. Ҳара иаҳҭахуп 2008 шықәсазы бухаресттәи асаммит аҿы ирыдыркылаз аформула НАТО мадридтәи асаммит аҿы иԥсахзарц: "Украинеи Қырҭтәылеи ахаангьы Аҩадаатлантикатәи алианс иалахәхараны иҟам" ҳәа", - иҳәеит Риабков, ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Иара иҳәеит Урыстәыла абашацәажәара ишарааԥсаз.
"Егьи аган агәрагара ҳцәыӡит. Ҳара иаҳҭахуп азинҵак змоу ахәдықәҵарақәа, ажәақәа "ирыхәҭоуп", "ируалԥшьоуп", "ахаангьы НАТО иалахәылахом" ҳәа арбаны. Ари азҵаара Урыстәыла амилаҭтә шәарҭадара иазҵаароуп", - иҳәеит Риабков.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы иҳәеит НАТО арҭбаара алмыршара Урыстәыла ашәарҭадараз аҵак ду шамоу, ари атема аҭышәныртәалара ахыгара уаҳа ишзалымшо. Убри аан абри аус аҿы прогресс дук ыҟан ибом.
НАТО аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Урыстәылеи дареи реиҿцәажәара алҵшәа роуртә ишыҟало агәра игоит
Адипломат иазгәеиҭеит Урыстәылеи ЕАА-и ашәарҭадара азҵаара разнеишьа зынӡаск ишеиԥшым, аха уи егьырҭ азҵаарақәа рылацәажәара ишаԥырхагам.
2021-тәи ашықәс анҵәамҭазы Урыстәыла иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа.