Аԥсны

Аҟәа акоммуналтә нхамҩа ауаа рахь аҳәара ҟанаҵеит аԥсаӡқәа агәамеизакырҭақәа ирҭармыжьларц

Аҟәа акоммуналтә нхамҩа аусзуҩцәа аныҳәамшқәа раантәи русура аихшьала ҟарҵеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе иҿцәажәараан.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аҟәа акоммуналтә нхамҩа анапхгара ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵеит аргыларатә црыҵқәа агәамеизакырҭақәа ирҭармыжьларц, иара убас аԥсаӡқәа урҭ аганаҿ ишьҭарҵаларц.
Аҳҭнықалақь ахадараҿ имҩаԥысыз аилацәажәараҿы дара иазгәарҭеит ауаа зны-зынла агәам зҭоу апакетқәа ҵаҟа рыргылара шрықәшәо аизакырҭақәа аргыларатә црыҵқәа рыла иахьҭәу азы.
Аԥсны
Аԥсны агәамсам аидкылареи аус адулареи
Ааигәа абри аҩыза ахҭыс аҭыԥ аман ақалақь араионқәа руак аҿы. Аинтернет ахархәаҩ аҭагылазаашьа асахьа ҭыхны асоциалтә ҳақәа ирылаирҵәеит, акоммуналтә нхамҩа аусзуҩцәа ахара рыдҵо. Аилацәажәараҿы дара иазгәарҭеит арҭ амшқәа зегьы дара иааҟәымҵӡакәа русура шымҩаԥыргоз.
"Мчыбжьык ашьҭахь зқьыла аԥсаӡқәа карыжьуеит. Убысҟан ауп ҳара ҳзы ашықәс ҿыц ианалагаҵәҟьо", - ҳәа илафуеит дара.
Аҟәа акоммуналтә нхамҩа аусзуҩцәа ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵеит аԥсаӡқәа агәамеизакырҭақәа ирҭармыжьларц, рганаҿ хазы ишьҭарҵаларц, урҭ нас уантәи ишықәырго.