Аԥсны

Аҿагыларатә акциа иалахәыз Сурмаа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит

Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа ирылахәын ҳәа иаанкылоуп хәҩык ауааԥсыра.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа иреиуоу Баграт Сурмаа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит ҩажәамш - ажьырныҳәа 28 рҟынӡа даанкылазарц.
Уаанӡа, ажьырныҳәа 11 рзы ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа хҩык рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Урҭ иреиуоу Аслан Ҭаниа иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит жәохәымш ихақәиҭра далхәыдатәызарц, Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, Рамаз Џьопуа – хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра даҵакызарц.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥгаз аиҿагыларақәа ирылахәыз ахәбатәи ахаҿы аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵеит
Анрик Инаԥшьба изкыз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аилатәара ахыган игәамбзиараз. Сурмаа иус ахган ахьчаҩцәа рыҳәарала, иахәҭаз адокументқәа реизгара иахьахьымӡаз азы.
Аҟәа ақалақь апрокуратура, ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа рышьҭахь, аилаҩеиласрақәа рылахәреи амчра ахаҭарнакцәа рганахьала амч ахархәареи рзы ихацнаркыз заатәи ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аанкыларақәа хәба мҩаԥнагеит.
Аԥсны
Азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа ахәшьара арҭоит