Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа ахәшьара арҭоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Обстановка у здания администрации Президента
Обстановка у здания администрации Президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Анапаҵаҩра
Аоппозициа ахаҭарнакцәа рмитинг иалагеит Аҟәа ԥхынҷкәын 21 аҽнышьыбжьон, иара ииасит аҿагыларатә акциахь.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22– Sputnik. Азинхьчаратә усбарҭақәа аҳәынҭқарратә мал иаҭоу аахеи аҿагыларатә акциа алахәылацәа рхымҩаԥгашьеи ахәшьара арҭоит, абри азы аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба, Аԥсны АА рминистр Вальтер Быҭәба, АШәМ аиҳабы Роберт Киут.
Митинг  у здания администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит
Ззин ыҟам аоппозициатә мчрақәа рмитинг мҩаԥган ԥхынҷкәын 21 рзы, Аҟәа.
"Амитинг ҭынч имҩаԥысуан ауаажәларратә хеилак "Аидгылара" аиҳабы Кан Кәарҷиа далалаанӡа. Уи ашьҭахь аҿагыларатә акциахь ииасит, изныкымкәа рҽазыршәеит мчыла ахыбрахь анеира", - ҳәа аҳәоит азинхьчаратә усбарҭақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Иазгәаҭоуп, аҿагыларатә акциа аан дшырыпҟаз ажурналист, аҳәынҭқарратә мал ааха шаҭаз.
Азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа иазгәарҭеит "ишрылшаз аусбарҭақәа рыхьчара, еицәаз ахымҩаԥгашьа аанкылара".
Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп, "аҳәынҭқарра анапхгараҿы ауадаҩрақәа шыҟоу мап шацәырымкуа, ҷыдала аекономикеи, асоциалтә политикеи, мҽхакыҭбаалатәи ареформақәеи рымҩаԥгара, аха абарҭ ахырхарҭақәа рҿы анагӡаратә мчра ада иаҭахуп азакәанԥҵара амчгьы".
"Ҩышықәса мҵыцт атәыла ахада амчраҿы дыҟоижьҭеи, ари аамҭа маҷуп алҵшәа дуқәа раарԥшразы. Аоппозициа иҟарҵо аҽԥныҳәақәа обиективтәым, дара рхаҭақәагьы акыр шықәса атәыла анапхгараҿы иҟан, аха алҵшәа бзиа аазырԥшышаз аԥшьгамҭакгьы рылымшеит", - рҳәоит аҳәамҭаҿы.
Азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ирҳәеит, Атәыла ахадеи анапхгареи шазыхиоу "Аҳәынҭқарра аргыларазы ихәарҭоу азҵаарақәа зегьы рылацәажәара дшазыхиоу", аха убри аан " аиҿцәажәарақә азакәаншьаҭа рымазароуп, атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа аҵшәаареи ҳажәлар рыԥсҭазаареи ргәабзиареи иаԥырхагамзароуп".
Аоппозициа ахаҭарнакцәа рмитинг иалагеит Аҟәа ԥхынҷкәын 21 аҽнышьыбжьон. Шьыжьнаҵы аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара рӷәӷәан, урҭ иаарыкәыршаны аихатәы аандақәа шьақәыргылан, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аганахьала - автобусқәа ргылан.
Амитинг иалахәыз атәыла ахада иахь рхаҭарнакцәа нарышьҭит аҿагыларатә акциахь дцәырҵны еизаз рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵарц иацәажәарц. Урҭ реиԥылара алҵшәақәа еизаз иргәамԥхазт, Апарламент ахь идәықәлеит, уа рҽазыршәеит мчыла ахыбрахь анеира. Аҭагылазаашьа акыр еибарххан.
Асааҭ 21:15 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аиҿцәажәаразы атәыла ахада иахь ҩаԥхьа инеит. Уи ашьҭахь арезолиуциа рыдыркылеит.
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциаҟны ирыдыркылаз арезолиуциа ианаԥхьа ашьҭахь еизаз ауаа еилыҵит.
Ажәабжьқәа зегьы
0