Ақәыԥшцәа рзы алаҵа "Спутник М" мчыбжьык ашьҭахь ахархәарахь инашьҭхоит

Ақәыԥшцәа рзы алаҵа хатәгәаԥхаралоуп, аҭаацәа ма рхаҭарнакцәа ақәшаҳаҭзароуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Ақәыԥшцәа рзы алаҵа "Спутник М" мчыбжьык ашьҭахь ахархәарахь инашьҭхоит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр адиректор Александр Гинцбург.
"Иааиуа амчыбжь азы алаҵа ахархәарахь инашьҭхоит ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит Гинцбург.
Иара иажәақәа рыла, Агәабзиарахьчара аминистрреи алаҵа аус адызулози ахылаԥшра ду ҟарҵоит.
12-17 шықәса зхыҵуа рзы раԥхьатәи урыстәылатәи алаҵа "Гам-КОВИД-Вак М" ("Спутник М") ашәҟәы иҭагалан абҵара 24 азы.
Роспотребнадзор COVID-19 ашьҭыҵра шалшо атәы аҳәеит