Роспотребнадзор COVID-19 ашьҭыҵра шалшо атәы аҳәеит

CC0 / / Тест на коронавирус
Тест на коронавирус  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла 35 регион рҿы ачымазара урыстәылабжьаратә ҩаӡара еиҳахоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. COVID-19 ачымазара Урыстәыла аҵакыраҿы иманшәалам аҭагылазаашьа аан уахыки-ҽнаки рыла шәнызқь хҭыс иахыҳәҳәар ауеит, ҳәа аҩуеит РИА Новости Роспотребнадзор аиҳабы Анна Попова акоординациатә хеилак аилатәараҿы лажәақәа шьҭас иганы.
"Аепидемиологцәа, аматематикцәа, аналитикцәа рыҭҵаарақәа рыла иазгәаҭоуп аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҿиара шаиуа. Иахьазы иаабо аҿкчымазара аҭагылазаашьа Урыстәыла аҵакыраҿы ф-ԥхьаӡацк ираҟарахар алшоит уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟала", - ҳәа лҳәеит лара.
Лечение пациентов с Covid-19 в больнице №2 Тамбова - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Аекспертцәа ажьырныҳәамзазы Урыстәыла COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара шьҭыҵуеит ҳәа азгәарҭоит
Асанитартә ҳақьым хада иазгәалҭоит аҟазауаа аҭагылазаашьа аицәахара аҟазшьақәа шырбо.
"Убри аан ашықәс аԥхьатәи амчыбжь азы ашәҟәы иҭагалоуп 112 006 COVID-19 хҭыс. Ари 19,4% рыла ашықәс анҵәамҭазтәи амчыбжь арбагақәа иреиҵоуп", - ҳәа лҳәеит Попова.
Омикрон-штамм далацәажәо Роспотребнадзор аиҳабы илҳәеит 13 регион рҿы ишаарԥшу 305 хҭыс.
Попова илҳәеит "омикрон" аинкубациатә аамҭа еиҳагьы ишкьаҿу. Убри азы ауаҩы аҩбатәи ичымазараҽны азы аҽаӡәы диҟьышьыр шалшо.
--
Ажәабжьқәа зегьы
0