Аԥсны

"Абжьас даҩызоуп": ауаҩи абжьаси рҟазшьеиҿырԥшрақәак

Ауаҩи абжьаси рҟазшьеиҿырԥшрақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Ааигәа ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц мрагыларатәи агороскоп ишаҳәо ала абжьас иашықәсуп. Иара убас иаҳхьысхьоу – 1938, 1950, 1962, 1974, 1986, 1998, 2010 абжьас иашықәсқәаны иԥхьаӡан.
Астрологцәа ишырҳәо ала, абжьас ашықәс азы ииуа ауаа абжьас еиԥш еиҿамсхоит, рыгәҭакқәа рынагӡара иазықәԥаҩцәоуп, еснагь рхы иақәгәыӷуеит.

Ажәаԥҟақәа

Абжьас гыгшәыгк аҳасабала Аԥсны абнаршәырақәа ишрыламгьы, аӡбахә бзиаӡаны ирдыруеит. Жәлар ражәаҳәаҿы иуԥылар алшоит абас еиԥш иҟоу ажәаԥҟақәа:
Абжьас аҵыхәа укырц уҭахызар, ахаԥыцқәа шамоу ухаумыршҭын.
Абжьас абжьас ахшоит.
Абжьас зқәала ҵаҟа илеиуам.
Абжьас зхылҵыз еиԥшхоит.
Абжьас егьа анапы иауршьцыларгьы, зегьы акоуп агыгшәыг цәаҩа азкажьуам.
Кавказ иеиуоу атабасаран жәлар рҿы ирҳәоит "Иҭынчу абна ҭацәуп ҳәа угәы иаанамгааит, уа абжьас аҽаӡазар ауеит" ҳәа.
"Ауаҩ ҟәыш дагьууандаз, дагьуаӷандаз": ауаҩы иааӡара, иҟазшьа азырбо ажәақәак

Аиҿырԥшрақәа

Абжьас аԥсабара иаланаҵаз аԥшӡара, агәымшәара, аилҟьара пату рықәуп. Абжьас иалоу иҵоуроу ҳәа изхәаԥшуа аҟазшьақәа аԥсуаа ҳҟны ицәырыргеит абас еиԥш иҟоу аиҿырԥшрақәа: "Абжьас еиԥш дласуп", "Абжьас даҩызоуп", "Абжьас еиԥш деибашьуан", "Абжьас еиԥш иблақәа ҵаруп", "Абжьас аҟара игәы иҽанын", "Абжьас еиԥш ахьшәҭҳәа дҩаҵҟьеит", "Абжьас еиԥш дгәымшәоуп".

Алитератураҟнытә

Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рнапы иҵырхыз рҩымҭақәа ицәырырго афырхацәа рхаҿсахьа агәылыршәаразы џьара-џьара абжьаси ауаҩи реиҿырԥшра рхы иадырхәоит. Иаагозар:
Уи, абжьас еиԥш уажәымзар-уажәы дҩаҵҟьаны дыцҳарашәа акәын дшыҟаз. /Ал. Џьонуа./
Ашәарах иазымҩаӡаз абжьас еиԥш иҿынԥшылара бааԥсын. Нас маҷ-маҷ иԥсы ааилала-ааилало мацара шьакәарак рылаӡамкәа ихԥшша иҟаз иқьышәқәа аауаркалеит, цәымза лашара хәҷык ихы-иҿы инықәԥхеит. /Џь. Аҳәба./
Иара, абжьас даҩызаха, ахьшәҭҳәа дҩаԥан, аҽы дҩақәтәеит. /Џь. Аҳәба./
Ус-ус, ихәыҷрамшқәа рышьҭа дхыланы, абжьас еиԥш еилыӷрааӡа иаԥхьа зҽеиҵых ишьҭоу адгьыл днықәлоит. /В. Қапба./
Агеи-ашьхеи рхы еиқәызҳәалоз, абжьас еиԥш еилыӷрааз раԥхьатәи ацәаҟәа. /М. Миқаиа./
Зҽеиҵых ашьацра илаиоу абжьас еиԥш, еилыбзаауа, нахьхьи алаԥшҳәааҿы ажәҩан иадубалон ашьхақәа. /В. Қапба/

Жәлар рҳәамҭа

Астатиа ахыркәшамҭазы ианысҵарц сыӡбеит ауаҩи абжьаси реиқәшәара иахылҿиааз ахҭыс ҳзырбо абзазаратә лакә "Ашәаргәында дышфырхаҵахаз" захьӡу.
Хаҵак дыҟан, шәаргәында бааԥсык иакәын.
Ҽнак абри ашәаргәында аҳак иаҳҭынраҿы днанагеит. Аҳҭынра азааигәара ауаа ирԥырхагаз бжьас бааԥсык амазаарын. Адырҩаҽны ианааша, абжьас ркырц ала рыманы апҟаҩ ҳәа абна илалаз ахацәа дрылашәеит ашәаргәындагьы. Абжьас аӡбахә заҳаз ашәаргәында дшәан, ҵла хаԥачашәа иҟаз дхалан убра дықәтәеит. Уа дшықәтәаз ани абжьас ала илырцеит, ишааиуаз, аҵла иааҵаххит. Ари данлахәаԥш, иԥсы маҷхан, агәақь ҳәа далыҩрны абри абжьас дақәҳаит. Абжьас данақәҳа, аԥрыцәқәа ааилагәаны икын ишьапы адирӷәӷәалт.
Аԥсны
"Абжьасцәа зшәу": ацгәышьҭра иатәу ашықәс адыргақәа
Егьырҭ ахацәагьы абжьас иашьҭамзи, еигәныҩын, иакәшеит. Ажәлар еизазар, абас ассир, ауаҩы абжьас дақәтәоуп, даманы ицоит, аԥырцәқәа икуп иҽырҕәҕәаны. Ажәлар абжьас иахьӡан лабала аҟәақ-чақ ҳәа иасуа иалагеит. – Уара, ус ҟашәымҵан, зынӡа ишәымшьын, ишыбзоу аҳ изысгароуп, – ҿааиҭит ашәаргәында иԥсы анилала.
Абжьас рыманы аҳ иҿы ианнеи: "Ҟоҳ, абжьас аԥсы шҭоу изҳәынҷаз иеиԥш зеиԥшу ахаҵа бзиа дсымбац", – иҳәан, аҳ иԥҳа заҵә ашәаргәында дииҭеит.
Гәыкала ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп абри ашықәс аҩнуҵҟа алакә афырхаҵа иаҟара аманшәалара шәыманы шәҟаларц, уадаҩрас шәназықәшәалак шәара ишышәҭаху, ишышәзыманшәалоу амаа ашәҭаларц.
Аԥсны
"Бзиала ҳаибабап!": Сусанна Ҭаниаԥҳа имҩасыз ашықәс азтәи алкаақәа ҟалҵеит