Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Бзиала ҳаибабап!": Сусанна Ҭаниаԥҳа имҩасыз ашықәс азтәи алкаақәа ҟалҵеит

© Sputnik / Леон Адлейба Сусана Тания
Сусана Тания - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2022
Анапаҵаҩра
Имҩасыз ашықәсан имҩаԥылгаз лусуразы алкаақәа ҟалҵоит Sputnik Аԥсны арубрика "Жәлар рдоуҳа" иазааԥсо Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Аамҭа азхәыцра

Аамҭа аҽыҩ ццышә – иццакуеит, иԥыруеит. Иузгәамҭакәа иумпыҵхәраауеит, ԥхьаҟа ус шәкы узышьҭазаргь. Уи зҽызымԥсахуа аԥсҭазаара азакәанқәа иреиуоуп.
Наунагӡа ҳәа адунеи аӡәгьы дықәӡам, досу иара иаамҭа изыԥҵәоуп.
Аамҭа хнырҳәышьа ахьамам аҟнытә, еиҳагьы пату ақәуҵо, уеиҷаҳауа уалагоит. Уаамҭа рзукырц уҽазушәалоит уԥсҭазаараҿы зыда ухәарҭам ауаа, угәы ззыбылуа азанааҭ, аус. Уеизҳацыԥхьаӡа еилукаауеит уаамҭеи угәыбылреи арықәырӡра шаԥсам уи пату ззақәымҵо ауаа.
Абас маҷ-маҷ угәы еилазырԥшыша ацәаныррақәа сызныжьны, жәаҩа шықәса рнаҩс "Бзиала, ҳаибабап!" ҳәа иниасит ацә ашықәс.

Аханатә аиҭаҳәара салагап

Сызгәылархалаз философиатә хәыцрақәа срыцәхьаҵны, шьҭа салацәажәар цәгьа избом иаҳхысыз ашықәсазтәи сусура, уимоу, аханатә аиҭаҳәара салагар еиӷьуп.
Зегь раԥхьа инаргылан исҳәарц сҭахуп, сара "Аԥсуа бызшәеи алитературеи" рзанааҭ ала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет сшаушьҭымҭоу. Уи сагьазгәдууп. Сҵара анхсыркәша ашьҭахь сзанааҭ хадала аусура сгәы азыҳәон.
Пчеловод Сергей Пальчук обкуривает рамку с сотами при помощи дымаря на пасеке в окрестностях села Раковка в Приморском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2021
"Амҵәыжәҩа змоу ацхырааҩцәа": ашьхеи ашьхааӡареи ирызку азгәаҭарақәа
Арҵаҩы изанааҭ снапахьы иаазгаратәы аҭагылазаашьа снаҭеит Кьыршьал Шамил-иԥа Чачхалиа ихьӡ зху Ԥақәашьтәи абжьаратә школ №2. Исызгәакьаз, схаҭа сзылгахьаз ашкол ашәқәа сзаатит шьҭа "Аԥсуа бызшәеи алитературеи" рырҵаҩык лаҳасабала. Шәымҭак ааҵуаны сзанааҭ иадҳәалоу егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы аусура сыдыргало иалагеит.
Анаҩс, аҟәышреи адырреи иргәеисырҭоу Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны сусура хацсыркит афольклортә лабораториа аусзуҩ лаҳасабала. Дук хара имгакәа сыԥсҭазаараҿы ицәырҵит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
Перьевая ручка - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2021
Аԥсны
"Асаашьа", "ахҟа", "алкьра": аԥсыуа ажәақәак рыхҳәаа
Иахьеиԥш исгәалашәоит Sputnik Аԥсны аԥсуа аҟәша аредактор Рада Жьиԥҳа аҭел данысзасыз. Лгәыразреи лыхаареи зныԥшуа лыбжьала ԥхьаҟатәи ҳусеицура акәамаҵамақәа ансеиллыркааз.
Абҵарамза 13, 2017 шықәсазы "Ахкаршәра, агараҿаҟәара – аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭарақәак" захьӡыз сыстатиа маҷ акьыԥхь абеит Sputnik Аԥсны асаит аԥсуа ҟәшаҿы.
Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2017
Ахкаршәра, агараҿаҟәара: аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭақәак
2018 шықәсазы сшьақәырӷәӷәан арубрика "Жәлар рдоуҳа" иаҵанакуа анҭыҵтәи усзуҩк лаҳасабала, уи арубрика гәыблыла сазааԥсоит иахьа уажәраанӡагьы.
"Жәлар рдоуҳа" еиднакылоит ҳмилаҭ рҵас, ретнологиа, рфольклор, ркультура уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭала адыррақәа узҭо, иҷыдоу астатиақәа. Иаҳхысыз ашықәс иҭагӡаны Sputnik Аԥсны аԥсуа версиаҿы иҭагалоуп еиуеиԥшым атемақәа ирызку сыстатиақәа ҩажәи жәаха инарзынаԥшуа. Аиашазы, сеихьӡарақәа дуӡам, аха зынӡагьы гәырԥынҵак иаҟароуп ҳәагьы узҳәом. Ааигәа аус здызулаз астатиақәа иреиуоуп: "Агәыла агәы даҩызоуп", "Игәырҩахҽыгахаз, ихәрарӷьагахаз: амузыкатә рҳәага ахымаа иазкны", "Ауаа реиныршәараҿы ицхыраагӡаз амахазы дыррақәак", "Хцәы бырфын": ԥсыуаҵас аԥҳәызба лыхцәныҟәгашьа" уҳәа.

Арадио

Шьҭа ҩбаҟа шықәса инархыҳәҳәоит арубрика "Жәлар рдоуҳа" аусзуҩцәа еиқәдыршәо рыстатиақәа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы иаԥхьартә, азыӡырҩцәа рзы рыбжьы ҭарҩыртә аҭагылазаашьа рымоуижьҭеи. Астатиа аиқәыршәара аамышьҭахь, автор имоуп аҭагылазаашьа, ицәыргоу атема ибжьала арадио азыӡырыҩцәа рызнагара. Асаит аҿы ауаа аԥхьаратәы, арадио аҿы иазыӡырыҩратәы аҭагылазаашьа рзаԥҵоуп.
Жәлар рдоуҳа: Таниаԥҳа асаби еизҳашьа иадҳәалоу згәаҭарақәак ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Арадио
Жәлар рдоуҳа: Ҭаниаԥҳа асаби иеизҳашьа иадҳәалоу згәаҭарақәак ирызкны

Акоммунизм акәым, аколумнистроуп

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны цәырҵижьҭеи, жәаҳәарада, иаиухьеит ахатәы аудиториа. Аусзуҩцәа (хаҭала саргьы уахь сналаҵаны) дара ргәаанагара, рыгәҭахәыцрақәа зныԥшуа статиак аредакторцәа ианрыдыргалалак, иргәаԥханы асаит иҭарҵозар, изҩыз ихьӡ-ижәла анаҩс азанааҭтә терминологиа инақәыршәаны "аколумнист" ҳәа дадырбоит.
Участница танцевального ансамбля. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2019
Аԥсҭазаара ахаара азҭо
Ажәа "аколумнист" лаф хҭыск сақәнаршәахьеит.
Арадио Sputnik Аԥсны аефираҿы аколумнист лаҳасабала зны сыхьӡ-сыжәла рҳәазаарын, сыздыруаз, аиҳабыратә абиԥарахь иаҵанакуаз ауаа ари атермин аефираҿы ианраҳа, ишыгәныркылаз дара зышьцылахьаз "акоммунизм" ҳәа акәзаап.
Ҽнак урҭи сареи ҳаиқәшәеит.
"Сусанна, Асовет мчра хыбгалеижьҭеи ианбатәиу, арахь бара коммунистс аусура балагеит ҳәа ҳаҳаит! Ҳаамҭазы акоммунизм абаабгеи?" - ҿааиҭит руаӡәк.
Саргьы сыччаԥшь аасызнымкылеит. "Акоммунизм акәым, аколумнистроуп", - сҳәеит.
Абас лахҿыхрыла ихсыркәшарц сҭаххеит имҩасыз ашықәсазтәи алкаақәа.
Сбор урожая кукурузы - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2021
Аԥсны
Ауардын, амагана, аҷҟарапат: аԥсуааи аҽаҩра аингалареи
Астатиа иаԥхьаз зегьы гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ҳазҭалаз 2022-тәи Ашықәс ҿыц!

Иҟалааит ҳазҭалаз ашықәс ҳажәлар рзы аныҳәа дуқәеи аиааира ҿыцқәеи ирышықәсны. Дарбанзаалак ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аманшәалара шәнапы злаку аус аҿы!

Ҽаанбзиала!

Ажәабжьқәа зегьы
0