АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Мраҭашәара атәылақәа рхымҩаԥгашьа адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа рыцәгьахарахь икылнагоит, аибарххарақәа ирыцлоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Аҭагылазаашьа еиӷьхаӡом, адунеи аҿы аибарххарақәа ирыцлоит. Мраҭашәаратәи ҳколлегацәа ахҭысқәа аицәахарахь икылсразы аус руеит, дара Еиду Амилаҭқәа реиҿкаараҿы иазгәаҭоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа хдырбгаларц ауп изҿу, дара ирҭахуп жәларбжьаратәи аԥҟарақәа дара рхатәԥҟарақәа рыла ирыԥсахырц", - иҳәеит Лавров, 2021 шықәсазтәи алкаақәа аныҟаиҵоз.
Иара иажәақәа рыла, убас аԥҟарақәа ирыцәхьаҵны хаз-хазы зҽеидызкыло ирыламло ретроградцәоуп ҳәа рзырҳәоит.
2021-тәи ашықәс анҵәамҭазы Урыстәыла иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа.
Урыстәылеи ЕАА-и ажьырныҳәа 9-10 рзы Женева имҩаԥыргеит аконсультациақәа Москва ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа рзы иҟанаҵаз ажәалагалақәа рышьҭахь.
Уа излацәажәоз азҵаарақәа рыӡбаразы ахаша ажьырныҳәа 12 рзы.