Лавров: НАТО-и ЕАА-и ашәарҭадаразы рҭак ҳазыԥшнаҵы ҳгәыҳҽануп

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в расширенном заседании коллегии Министерства иностранных дел
Президент РФ В. Путин принял участие в расширенном заседании коллегии Министерства иностранных дел - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Анапаҵаҩра
Ашәарҭадаразы ахәдықәҵарақәа ирызкыз асаммит Урыстәыла - НАТО мҩаԥысит ахаша, ажьырныҳәа 12 рзы Бриуссель.
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Урыстәыла агәаҽануп ЕАА-и НАТО-и ашәарҭадаразы рҭак иазыԥшнаҵы, ахҭыс зеиԥшрахазаалакгьы, ирызхиоуп иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иара иажәақәа рыла, аҭакқәа ҩырыла иҟаҵатәуп.

"Убри аан ҳара ҳазҿу ҳусқәа ҳшырҵыц ҳарҿызаауеит, дара ирӡбозаалак азы ҳазхиазарц азы. Хымԥада, ҳара агәраганы ҳаҟоуп аинышәара рҭахызар, еснагь ҳаззааиша шыҟало", иҳәеит аминистр, 2021 шықәса алҵшәақәа реихшьала иазкыз апресс-конференциаҟны.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иара убас аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО мцҳәарыла Украинеи скандинавиатәеи атәылақәеи иара иалаларц ишрацәажәо.
Совет Россия - НАТО в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2022
ЕАА иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ: ашәарҭадараз ҳажәалагала аҭак ҳазыԥшуп
2021-тәи ашықәс анҵәамҭазы Урыстәыла иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа.
Урыстәылеи ЕАА-и ажьырныҳәа 9-10 рзы Женева имҩаԥыргеит аконсультациақәа Москва ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа рзы иҟанаҵаз ажәалагалақәа рышьҭахь.
Уа излацәажәоз азҵаарақәа рыӡбаразы ахаша ажьырныҳәа 12 рзы Бриуссель имҩаԥысит асаммит Урыстәыла — НАТО аилатәара.
Переговоры министров иностранных дел РФ и Португалии С. Лаврова и А. Сантуша Силвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Лавров: Мраҭашәара атәылақәа ахҭысқәа цәгьахарц ауп рхы шымҩаԥырго
Ажәабжьқәа зегьы
0